Уи дырҵабыргхьеит иаӡәымкәа аҵарауаа-аԥсабараҭҵааҩцәа. Убас XIX ашә. анҵәамҭазы еицырдыруа аҳауагәаҭаҩцәа ируаӡәкыз А.И.Воеиков иҩуан: «Это столь мало еще известный богатый край отличается необычайно различным рельефом и растительностью и, несомненно, одно из его богатств составляет климат» ҳәа.
Амшы́н Еиқәа аԥшаҳәа инаркны Кавказтәи ашьхеибаркыра ҳаракқәа рҟнынӡа, 60-65 км. ирыбжьанакуа аҵакыраҿы аамҭа кьаҿла ауаҩы дагәылсыр илшоит ари атәылаҿацә иазҟазшьарбагоу аҳауа хкқәа фба. Ҳәарада, уи аиуеиԥшымра зыбзоуроу амшыни ашьхақәеи рыбжьаӡара ахьхарацәами, аԥшаҳәа иаршәаны есааира зҽеиҭазкуа аҳаракыреи роуп. Аӡын, Аԥсны иахьаҵанакуа ауаҩы иааизымчҳартә ахьшәашәарақәа, мамзаргьы аԥсабареи анхамҩеи ааха ӷәӷәа рызҭаша аҵаа, ахьҭа бааԥы, асы рацәа шамахаӡак аҭоурых иаздыруам.
Аха, Аԥсны аҳауа азеиԥш ҭагылазаашьазы ифеноменалтәу хҭысхеит ҳҳәар ҳалшоит 115 шықәса раԥхьатәи аӡын. 1911 шықәса, ианвар 2 ауха инаркны аҳауа аԥхара иагхо, ахьшәашәара ԥыжәара аго иалагеит. Адырҩауха, ианвар 3-4 рзы ишьҭалоит асы аҿыгҳара 16 см. иеиҵамкәа, аҳауа аԥхара – 4 градус рҟнынӡа илаҟәит, иҵааит илеиз асы. Анаҩстәи амшқәа рзы, ибааӡаны иақәнауз, ишьҭаз асы ахьанҭара иеиҳанатәит акыр. «В ночь с 3 на 4 января выпал снег в Сухуме покрыв весь город и окрестности сплашной массой более четверти аршин толщины, а с 5 на 6, и в день святого Крещения свирепствовало снежная буря на море и на суше. Снег с небольшими перерывами продолжает засыпатъ Сухум пятый день, преобразив его с южного в северный город. Страдают жители, не будучи подготовлены к такой суровой зиме в Сухуме, какой давно здесь не было. От обильного снега ломаются деревья и гибнут разные южные растения» ҳәа ҳаԥхьоит ианвар 9 рзы иҭыҵыз, усҟантәи апериодикатә ҭыжьымҭақәа ируакыз «Сухумский листок объявлении» адаҟьақәа рҟны, амшцәгьа ахҳәааҟаҵара иазку нҵамҭак аҿы. Ианвар 8 инаркны, рацәак аанҿасра амамкәа излагаз асоура иабзоураны, ианвар 19 рзы уи аҿыгҳара 75 см. еиҳахахьан, есааирагьы аҽарӷәӷәон. Уахык, ианвар 23-24 рзы мацара иауз асы 1 м. 60 см. иеиҵамызт, инеизакны ишьҭаз 2 метрак иреиҳан ақалақьқәарҿы, ашьха иаԥну ақыҭақәа рахь 3 метрак иааиҳахома уҳәартә иахьынаӡозгьы ыҟан. Мышқәак рзы аҳауа ахьшәашәара – 11-13 градус рҟнынӡа инаӡон. Ари ҳәарада, ауаажәлар рзы еиԥш, аԥсабара ахаҭазгьы ихьанҭаз хҭысхеит.
Иааиԥмырҟьаӡакәа 20 мшы иауаз, ажәлар ргәалашәараҿы иҭоурыхтәхаз, аамҭа зларыԥхьаӡо кәаԥны ирзыҟалаз асду шьҭан 38 мшы – ианвар 4 инаркны февраль 10-нӡа. Аҳауа ҟәанда иашьцылаз ауааи ашәаԥыџьаԥи рзы ҩ-метраки бжаки инарыцны ирызлеиз асы ашәарҭара зцыз шьацҳәахеит аиашазы. Аидара хьанҭа ззымчҳаз аҵлақәа хыжәжәон, аргыларақәа рхыбрақәа еилаҳауан: аҳҭнықалақьаҿы раԥхьатәи аӡахҩы-ҟазацәа ируаӡәкыз Хлебников иҟазарҭа дәқьан аишьцәа Захароваа рыхааҟаҵарҭа, ақалақь аҟны иакызаҵәыкыз Гогиџьанов ишәҟәы-қьаадтә ҭирҭа уҳәа ус акыр… Аус ауӡомызт ателеграф, иаркын аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи аҵараиурҭақәеи. Аԥшаҳәахьтә асыҭәҳәа бааԥы асуан, анаҟә жәпа хчылан. Аҟәатәи ауахәамақәа иааиԥмырҟьаӡакәа рсаркьалбжьқәа гон. Урҭ еиҳаракгьы амшын аҟны зныҟәара ҟьалар алшоз аӷбақәа рхырхарҭарбага хада акәны иҟан.
Ауаажәлар рҭагылазаашьа хьанҭан, амлеи ахьҭеи рҽырцәырыхьчарцазы. Ақалақьқәа рҿы ахьҭа иамгарц амҿы рзыршон, аха ирызхомызт. Ақыҭауаа ракәзар адунеи иаҟәыҭхахеит… Асы еилазырҩынтуаз аԥшаӷьы, аҵаа ирыхҟьоз аԥсҭбарақәагьы маҷмызт. Ԥсырӡха ақыҭан зыҩнқәа хнашәаз аҭаацәарақәа рахьтә иҭахеит 18-ҩык. Џьгьарда ақыҭан рыԥсаса «ишреиҷаҳауаз» асыҭәҳәа ихнаҩеит ҩыџьа ахьшьцәа… ус иҵегьы. Аԥсҭазаара шьаҳаиҭхеит аамҭақәак…, аха аԥсабаратә хьанҭыра иаҵгәаны, ахеиқәырхара рылшеит ажәлар, акрычҳара, аидгылара, аицхыраара, ҭаҷкәымкны рҽеиларҵәаны рыжәҩахыреибыҭара ирыбзоураны.
1911 шықәсанӡа Аԥсны аӡынра еиҳа ианыӷәӷәаз, асы рацәа анауз ҳәа ирыԥхьаӡон 1878, 1892 шықәсқәа . Уи ашьҭахь – 1925, 1950, 1964, 1967, 1981 шықәсқәа раан. Асду акала еиҵамхеит ҳҳәар агха ҳахьуам ҳәарада иара убас, ҩажәи жәаха шықәса раԥхьа, ҳажәлар аамҭа уадаҩӡа ианҭагылаз, ргәаҟра ҩынтәны еиззырҳаз, 1992 ш. декабр анҵамҭазы аура иалагаз, ишьҭаз «тәацыԥхьаӡа» еизнарҳауа, март мза аҽеишамҭанӡа имӡыҭуаз асы.
Шәи жәохә шықәса раԥхьатәи аӡын иацырҟьоуп уҳәартә ауп ишыҟалаз иаҳхысыз ашықәс аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иауз асы хьанҭагьы. Уи ажәлар рыбзазараҿы ааха ӷәӷәа ҟанаҵеит, еиҳаракгьы ашьха иаԥну ҳқыҭақәа рҟны. Аха, 1911 шықәсазы асы шауз еиԥш, иамуӡацт ахаан ҳәа ражәа аанхеит уи иахаанызи, урҭ ирышьҭанеиуаз абиԥарақәеи.
Ҳаԥсадгьыл аҭоурыхҩыраҿы иалкаау ари ахҭыс иазкны 1985 ш. рзы Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Ал.Гогәуа иҭижьит иарбан хьанҭыразаалак аҟнытә ажәлар рхеиқәырхаразы акрычҳареи аҽеиларҵәареи шрызхымԥадатәу идеиа хадас измоу ароман-раԥсодиа «Асду». Уи ашьаҭала 2024 шықәсазы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿы ҟазара ҳаракыла иқәыргылан аспектакльгьы. 2009 ш. рзы «Асду» или «Большои снег» в 1911 году» ҳәа хьӡыс иаманы иара убас аусумҭа шьахә аԥиҵеит аҵарауаҩ-археолог Ан.Агәмаа.́
Асду – ауадаҩра аҟнытә агәкаҳара иазку ҭоурыхым, уи ианакәызаалак аԥсҭазаараҿы ԥсыцқьала аҟазаареи, абзазара ахьанҭырақәа еидгыларала аҽрыҵамырхареи иршьаноуп.
Ахра Анқәаб