Print this page

Аԥхьаҩ дыззааигәазтәуа

Ажьырныҳәа 29, 2026 45

Аԥсуа поет, апрозаик, апублицист Заира Шьалуа-иԥҳа Ҭҳаиҵыкә диит 1966 шықәса ажьырныҳәа 29 рзы Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭан. 1983 шықәсазы А. М. Ҷоҷуа ихьӡ зху Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ аҟны лҵара хлыркәшеит.

1992 шықәсазы далгоит Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҿы, гәыԥҩык аԥсуа журналистцәа дрывагыланы аус луан аҭыԥан иҭыҵуаз агазеҭ «Абжьыуаа» ахатәы корреспондентс.
Аибашьра анеилга, аӷа хәымга ҳтәыла данықәырца, Аԥсны аҵара Аминистрраҿы аусура хацлыркуеит. Уи нахыс, Заира Ҭҳаиҵыкә Аԥсны аҵаралашаратә усҳәарҭақәеи акультуратә хәышҭаарақәеи жәпакы рҿы ҭакԥхықәрала аџьабаа лбахьеит. 2011 шықәса раахыс Аԥсны аҳәынҭқарра аҵара Аминистрра иатәу Арҵагатә шәҟәҭыжьра аусбарҭа аредактор хадас аус луеит. 2005–2024 шықәсқәа раан акәзар, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультантс дыҟан.
2003 шықәса рзы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь дрыдыркылеит.
Заира Ҭҳаиҵыкә дрызҿлымҳауп ашә­ҟәыҩҩра знапы алазкуа аҿар. Аԥсны ашә­ҟәыҩҩцәа Реидгыла иҭнажьхьоу урҭ рҩымҭақәа еидызкыло аизга «Ашацкыра» ԥшь-шәҟәык еиқәлыршәахьеит.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи ажурнал «Алашареи» рпремиақәа ланашьоуп.
Заира Ҭҳаиҵыкә Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп, иланашьоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 20 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы иаԥҵоу амедал.
Уажәы еиқәаҳаԥхьаӡап уи иҭлыжьхьоу ашәҟәқәа: «Ааԥынра схьымӡар...» (1995); «Снеилап сҟазшьала» (1998); «Жәҩангәашәԥхьара» (2002); «Агәыӷрақәа рҳәааҿы» (2007); «Разҟымҩала» (2011); «Абырфын рахәыцқәа» (2014); «Быжьшьхак ршаеҵәа»; «Иалкаау» (2016); «Ашәымҭақәа» (2018); «Ахьрыцқәа» (2021); «Аҳамҭа» (2024); «Хара хәыцра» (2024).
Заира Ҭҳаиҵыкә лырҿиараҿы асахьаркыратә хәыцшьа асистема акәзар, лпоезиатә дунеиқәыԥшылара мҽхакыла ишыҭбаау, аԥсҭазаара жәынгьы ҿангьы иацрымшәо иацу аҟыбаӡыбарақәа, аҭагәҭасрақәа философиатәла дышрызхәыцуа, нас урҭ аԥсҭазаара аҵабыргхаҭа ҵыҵӷәыс измоу ахаҿсахьақәа ргәылубаауеит.
Ҳмилаҭ литературахь раԥхьатәи лшьаҿақәа анеихылга инаркны срызҿлымҳан, срыԥхьон акьыԥхь заахоз лажәеинраалақәа, сымҩашьо избон абиԥара ҿыц рҭаацәараҿы абаҩхатәра змоу апоет дышцәырҵыз. Убри шаҳаҭра ауеит Заира Ҭҳаиҵыкә лажәеинраалақәа еидызкыло раԥхьатәи лышәҟәы «Ааԥынра схьымӡар...» (Аҟәа, 1995 ш.) иацысҵаз аԥхьажәа хәыҷы, «Абаҩхатәра акәиц» ҳәа хьӡыс измоу. Сара, иахьагьы, абри астатиа ҷыдала ҳаҭыр сзақәуп, избанзар, уаҟа апоет қәыԥш лзы иазгәасҭаз ахшыҩзцарақәа, лпоезиазы иҟасҵаз алкаақәа, иахьа ҵабыргыхаҭаны иаабоит.

Уи ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол данҭаз, аха рцәыргара, ркьыԥхьра дахыццакуамызт, избанзар лнапы злалкыз аҩра аҿара иахылҵуа аамҭалатәи шцәалашәарамыз агәра инагӡаны илгаанӡа.
Заира Ҭҳаиҵыкә лажәеинраалақәа рнылахьеит ажурналқәа «Алашара» «Амцабз», агазеҭқәа «Аԥснытәи ауниверситет», «Аԥсны» уҳәа рдаҟьақәа рҿы. Лажәеинраалақәа аԥхьаҩ игәазырԥхо, дадзыԥхьало иреиуоуп, ридеиатә ҵакы еилфаҷа иахьыҟоу анаҩсангьы, урҭ ԥсабарала имарианы, имырххацәакәа, иԥсҭазааратәу апоезиатә цәа хаа ахьрыҟәну. Иаразнак иумбарц залшом апоет лажәеинраалақәа згәашьамх ҵару, изҩыдоу аҿара ишахылҵуа, излаҩу абызшәа шыцқьоу, асахьаркра шрылоу, икаҩуа абжьы хаа (зны иҟәымшәышәу, зны иџьбароу) шырхоу, насгьы уи дырзыманшәалоуп, илыцааиуеит аԥхьаҩ дзырхәыцша, игәникылаша афилософиатә хшыҩзцарақәа рыла рхыркәшара, реиқәҳәалара, аԥсуа сахьаркыратә жәа азҟаза Ҷиҷико Џьонуа ишиҳәалоз еиԥш, ргәылыршәара.
Иара убас, Заира Ҭҳаиҵыкә лажәеинраалақәа рҿы иуԥылом ҳхатәыҵәҟьа ҳаԥшаауеит ҳәа поетцәа ҿарацәақәак, рҩымҭақәа рҟны зны-зынла иаабо: иахырҟьоу аматанеирақәа, агәжәажәарақәа, агәаҭеирақәа, адгьылтә ԥсҭазаара азымхара, гәынхәҵысҭала иаԥҵоу, зеилкаара уадаҩу, игәыԥҵәагоу абстракттә сахьақәа. Уи лпоезиа, иахоуп ахатә бжьы, хыҵхырҭасгьы иамоуп лыԥсеиҩҭкаареиԥш бзиа илбо лыԥсадгьыл гәакьа алахьынҵа, уаҵәтәи аԥеиԥш, насгьы ҷыдала лара илыхҭынхьаауа, дызлахәу, лыкәша-мыкәша иҟоу, ибзиан илдыруа, ҩнуҵҟала илныруа, дзыдгылои, дызҿагылои, аԥсҭазаара аҟыбаӡыбарақәа уҳәа убас жәпакы.
Ашәҟәы «Ааԥынра схьымӡар...» анҭыҵыз аахыс акыр шықәса нҭыкәкәа ицахьеит, аԥсҭазаара џьбара иаҩыз, аҭоурых ианхало ахҭысқәеи ахаҭарақәеи агәыҵаҳәҳәа. Лара апоет Заира Ҭҳаиҵыкә лакәзаргьы, дызнысхьоу лырҿиаратә мҩа лабҿаба иаҳнарбоит лсахьаркыратә напҟазареи идеиатә ҵакыла леизҳазыӷьареи рҿы дхатәраны, аԥхьаҩ ибзиабара лыманы дшаалагылаз аԥсуа литературатә ҭаацәара ду. Ус шакәу, зегьы рыӡбахә ҳамҳәаргьы агәра ҳдыргоит, иаагозар, Аҟәа 2014, 2016 шықәсқәа рзы иҭыҵыз лышәҟәқәа «Абырфын рахәыцқәа», «Быжьшьхак ршаеҵәа» ирнылаз лпоезиатә, лпрозатә ҩымҭақәа.
Иахьа, имҩашьо иубарҭоуп Заира Ҭҳаиҵыкә данқәыԥшыз дызнылаз амҩа шмарымажахаз, даҽакала иуҳәозар, илзылԥхаз апоезиатә нцәахәи аԥсабара илнаҭаз абаҩхатәреи ирыбзоураны, ҳлитература аҭаацәара ду аҿы лабиԥара рахьтә аӡәы ҳәа дшалубаауа. Ус шакәу хара ҳамцаӡаргьы иарҵабыргуеит аԥхьаҩ иоуз Заира Ҭҳаиҵыкә лышәҟә ҿыц «Ашәымҭақәа». Уи еиднакылоит автор аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаԥылҵаз аминиатиурақәеи афоризмқәеи. Урҭ аҩымҭақәа, иахьатәи аԥхьаҩ аинтернет система дшатәнатәхьоугьы, иҵарҳәо рацәоуп.
Ажанр хәыҷ аҿгьы, аԥхьаҩ ишубо еиԥш, апоет Заира Ҭҳаиҵыкә лхы-лыԥсы еиԥш бзиа илбо лпоезиа инаваргыланы, аминиатиуратә ҩымҭақәа раԥҵараҿгьы дааԥшит, уи иаԥылҵахьоу ухы-угәы рҿы инхо, ахшыҩҵар уҵазҳәо, узырччо, узыргәырӷьо, угха-ԥха узырбо, иаҳҳәап, умҩахҟьазаргьы амҩа иаша уқәызҵо, ажәа ишалоу еиԥш, ҳаӷеиҭа, уцәлаԥсызаргьы – уалызхуа акы акәны иҟоуп.
Аминиатиуратә жәабжь кьаҿқәа дара рыԥсабара злаҟоу ала урҭ зны-зынла ажәамаанақәа рцәаҩа рхукаауеит, иҵегьы уазааигәаны иуҳәозар, еиҭарсны иаарԥшу ахшыҩзцарақәа рыҵубаауеит, еиҳарак аепизод ҟазшьа змоу ахҭысқәеи, аперсонажқәеи, автортә хьаҵрақәеи реиццәырҵраҿы, мамзаргьы реизыҟазаашьаҿы.
Абри аҟазшьа ҷыда Заира Ҭҳаиҵыкә лминиатиуратә жәабжьқәа рҿгьы иубоит ашьҭамҭа аманы, асахьаркыратә цәа аханы. Уи, ҳәарас иаҭахузеи, автор лажәабжь кьаҿқәа рҵакы, ридеиа еиҳагьы игәылҭәааны, аԥхьаҩ дархәыцыртә иҟанаҵоит. Насгьы, сахьаркыратә маҭәахәык аҳасабала, иарӷьажәҩаны иавагылоуп аҩымҭа.

Ҵабыргуп, аминиатиуратә жәабжьқәа рымҽхак зламаҷӡоу ала, урҭ автор илбаз, илнырыз мгеимцаран, лаԥшҵашәарак иахылҵыз ԥсҭазааратә хаҿсахьақәоуп. Аха, ихадароу, уаҟа игәҭыхақәеи ихәыцрақәеи, ҟабаӡыба згымкәа еилашуа аԥсҭазаареи дрылубаауа дгылоуп ауаҩы. Иара убасҵәҟьа, аԥхьаҩ ихаҭагьы абри аԥсҭазаара далахәны дубоит, персонажк иаҳасабала.
Заира Ҭҳаиҵыкә лажәабжь кьаҿӡақәа (ус ҳаԥсшәа ианаалоит) уанрыԥхьо, иуныруа убла иаахгылоит жәынгьы-ҿангьы имариам аԥсҭазаара заҟа иҵауланы, философиатәла дахәаԥшуа, дазнеиуа.
Арҭ аминиатиурақәа рҿы, жәаҳәарада, иубоит аԥсабареи ауаҩи заҟа еизааигәоу, насгьы ԥсабарада ауаҩы дышхәарҭам. Уимоу, убрантәи иалагоит ауаҩы иԥсадгьыли ижәлари рышҟа имоу абзиабара. Ауаҩы иуадаҩу аҭагылазаашьа бааԥсы дақәшәаргьы, уи ихдырраҿы амчра аманы инхоит, иҟазаауеит, зегьы раԥхьаӡагьы, аԥсадгьыли ажәлари (араҟа иҟоуп: аҭоурых, абызшәа, акультура иаҵанакуа атрибутқәа зегьы) рышҟа имоу абзиабареи, аԥеиԥшхә бзиа агәрагареи. Арҭ аҭоурыхтә категориақәа ихадарақәоу ируакуп ауаҩы идгьылтә ԥсҭазаараҿы.
Абас ирацәоуп Заира Ҭҳаиҵыкә лминиатиуратә жәабжьқәа рзы иуҳәаша. Избанзар, урҭ аԥхьаҩ изцәырнагоит ҳаԥсҭазаара асферақәа зегьы рҿы еиԥхыҟәҟәа иуԥыло, ауаҩы дзырхәыцуа, ишьҭахьҟагьы дхьазырԥшуа, уаҵәтәи амшгьы дшақәгәыӷуа, игу-ибзоу ихаҭа критикала ахәаԥшра шихәҭоу, насгьы абас зҵаара шәкы деимырхха дшыркугьы, абзиабарагьы игәыҿкаагаха дшаргәаҭеиуа уҳәа жәпакы.
Заира Ҭҳаиҵыкә лминиатиуратә жәабжьқәа рҟынтә иаабоит лҩымҭақәа мҽхакыла имаҷны, аха рҵакы ҵауланы, рбызшәа имарианы, ицқьаны ишыҟоу. Абри аҩышьа ацәаҩа Заира Ҭҳаиҵыкә лажәабжь кьаҿқәа зегьы рҿгьы ирҷыдаҟазшьоуп.
Апоет лминиатиуратә жәабжьқәа рымацара рҿы акәӡам уи аԥсҭазаара иаҵоу амаӡақәа философиала дрызхәыцуа дахьаабо, насгьы илзеилымкаауагьы дацәыԥхамшьакәа аԥхьаҩ иҿаԥхьа иахьцәырылго, дахьалалырхәуа. Уи аабоит ажәаԥҟақәа рахь иуԥхьаӡартә иҟоу, насгьы ирхоу апоезиатә бжьи, рформеи рыла мрагыларатәи ажәларқәа рпоезиа угәалазыршәо лафоризмқәа рҿгьы.
Заира Ҭҳаиҵыкә рҿиаҩык, ажәа сахьарк азҟазак лаҳасабала ҳмилаҭ сахьаркыратә литература далагылоуп бзиа дызбо, лырҿиамҭақәа ҳаҭыр рықәызҵо, ирызҿлымҳау, лхатә аԥхьаҩцәа лыманы. Лиубилеи лыдныҳәалауа еиҳау аихьӡарақәа лзеиӷьаҳшьоит.

Р. Қапба

Агәаанагарақәа

«Ауаҩра, абзиабара цқьа, аԥсабара асахьақәа, ацәырҵрақәа, агәыразра, ацәгьа зуа иахьырхәра, иахырҟьаны агәалаҟара, агәы аҵамкәа аччара, аҵхқәеи амшқәеи рҭынчра, ага, ашьха, аҵыхәтәаны, ачҳара змоу, аԥсҭазаара бзиа избо ауаҩы уҳәа ирызкуп абаҩхатәра змоу апоет Заира Ҭҳаиҵыкә лминиатиурақәеи лафоризмқәеи реизга «Ашәымҭақәа». Сгәы иаанагоит урҭ аԥхьаҩ игәы иахәап ҳәа».
Терент Ҷаниа

«Заира Ҭҳаиҵыкә иԥшаауа поетуп, уи лхы ԥылшәоит еиуеиԥшым апоезиатә формақәа рҿы еиԥш, еиуеиԥ­шым ажанрқәа рыҿгьы. Баҩхатәрала асахьаркыратә ажәа аус адылулоит. Уи илҷыдаҟазшьоуп икьаҿу ажәеинраала афо­рма, урҭ афоризмқәа еиҳа ирзааигәоуп, аԥсуа иҟазшьа, идунеихәаԥшра рныԥшуеит. Апоет лпоезиа иаҵоуп агәаартра аҵыхәтәанынӡа, қәыԥсычҳарак, , уи агәра угоит, лаԥхьаҩ иҿы лыгәҭыха лҳәоит дмыргәаҟӡакәа. Лпоезиа агәынкылара маншәалоуп, иласуп, агәалашәара мариоуп. Уи лцәаныррақәа рҿы мыцхәы лҳәаӡом, дыхәмарӡом, илныруа, илыхьуа, лгәы иалоу уцәылӡом.
Заира лпоезиа иаҵоу ақәыԥсычҳара лашарак ацуп, гәыӷрала иҭәуп, уи лгәы иалхны, лыԥсы иаҵхны аԥхарра зегь аԥхьаҩ иҟынӡа анагара лылшоит. Лгәыԥшаара аԥхьаҩ изааигәоуп, аха уи иаанагаӡом уи лцәаҳәақәа аҵәуарафҩы рхукаауеит ҳәа. Уи лабжышқәоуп – зыԥсы ҭаҵәҟьоу, егьа ауадаҩрақәа дрықәшәахьазаргьы, иԥымҽыз, иаҵамхаз, зуаҩра, зыламыс ҳараку, ауаҩы ибзиабара, аԥсҭазаара абзиабара, алашара ацәымӡра рыҵубаауеит уи аҵыхәтәантәи аамҭазы иаԥылҵаз ажәеинраалақәа».

Гәында Сақаниаԥҳа