Print this page

Маҷара ақыҭаҿы иаадыртит ҩ-мҩак еимаздоу ацҳа

Ажьырныҳәа 28, 2026 12

Аҟәатәи арратә мҩеи Аӡнырцәтәи амҩеи еимаздоу ацҳа аадыртит Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан, ҳәа аанацҳауеит Гәылрыԥшь ахадара апресс-маҵзура.

Ацҳа ааха аиуит амшцәгьақәа рышьҭахь иҟаз аӡхыҵра иахҟьаны.

Гәылрыԥшь араион ахадара ари ауадаҩра ааԥыхразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит. Убри аан, Аԥсны аерманцәа Реилазаара ацҳа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара ахахьы иагеит. Аусурақәа қәҿиарала ихыркәшоуп, ацҳа еиҭашьақәыргылоуп.

«Денис Ҳаџьымба иҟаиҵаз адгыларазы гәыкала иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Ҳусеицура иалҵшәахеит апроект қәҿиарала ахыркәшара», – иҳәеит Аԥсны аерманцәа Реилазаара ахада Алик Миносиан.

Иара убасгьы, ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа аерманцәа Реилазаара иаиҭаз ацхырааразы.