Аусмҩаԥгатә хықәкыс иамоуп атәыла аҿиарамҩа хадақәа ралкаара, ауаажәларратә еилазаара иаку рпозициа ашьақәыргылара.
Зыҟаҵаратә етапхоит атематикатә стол гьежьқәа хԥа рымҩаԥгара. Жәабранмза 12 рзы адемографиа азҵаарақәа ирылацәажәоит, жәабранмза 19 рзы асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа, жәабранмза 26 рзы аполитикатә реформақәа.
«Атәыла аҿиара иадҳәалоу ихадоу азҵаарақәа иаартны ҳрылацәажәарц ҳҭахуп, урҭ рылҵшәақәа рыла Аԥсны ауаажәларратә еилазаара апозициа зныԥшуа иаку арезолиуциа шьақәҳаргылоит», - ҳәа азгәалҭеит ауаажәларратә палата алахәыла Изольда Ҳагба.