Print this page

Зыбжьы хәаҽышьа рзамҭаз

Ажьырныҳәа 22, 2026 58

Амилаҭтә журналистика апатриарх, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, амилаҭтә радио "ахьтәы бжьы", ауаажәларратә усзуаҩ, аԥсадгьыл апатриот иаша Семион Михаил-иԥа Адлеиба дижьҭеи 90 шықәса ҵуеит сынтәа.

Аиашазы, иуадаҩуп материалк иҭагӡны зымҽхак акыр иҭбаау ажурналист Семион Адлеиба ихаҭара аартра, игәцаракны имаз ахырхарҭақәа зегьы раарԥшра. Аха иагьа ус иҟазаргьы, бзиа иибоз, инапы злакыз иусқәа зегьы инарылаҳәҳәоз, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа иԥсы зыхҭниҵоз ажурналист изнааҭ иацнеигоз егьырҭ акгьы ыҟамызт.Ажәа ахы умҳәакәан, аҵыхәа узҳәом.
Семион Михаил-иԥа идоуҳамч ахьҭитоз ҭыԥны иҟан иара дахьиз, иахьизҳаз иқыҭа гәакьа Ҷлоу. Инысымҩа иҿаҿаӡа ианубаалоит Аԥсны аҩажәатәи ашәышықәса анҵәмҭеи, аҩажәиактәи алагамҭеи рзы имҩаԥысуаз аԥсуа жәлар зегы ирхьысыз аҭуорыхтә ӡыблара атәы еиҭазҳәо ахҭысқәа. Сталин ихаантәи арепрессиақәеи, аԥсуа бызшәа шьаҭанкыла ахаршҭразы аҽазышәарақәеи, ахьыԥшымразы ақәԥареи, ақырҭуа-аԥсуатә еибашьра ашьҭахьтәи амилаҭтә журналистика аиҭарҿиареи рҟынӡа ижәлар знысуаз аҭоурыхтә мҩа иҽацәхьамкӡакәан агәҭаҵәҟьа далагылан. Семион Адлеиба аиашахь имаз абзиабареи, иҩнуҵҟа еибафоз агәаӷьи, дызмартәоз, ҭаха изымҭоз аԥсуара азықәԥареи ахьнтәиаауа уазааҭгыларц азыҳән ахьышьҭрахь ихынҳәтәуп.
Семион Михаил-иԥа ихәыҷра ақәшәеит аԥсуа жәлар рзы зегьы раасҭа иуадҩыз иҳаҩсыз ашәышықәса аҩажәижәабатәи ашықәсқәа. 1937 шықәса рзы иаб иҭакра, уи ашьҭахь иԥсра хаҭалатәи рыцҳараны иҟалеит Семион хәыҷы изы. Иара изҳауан "ажәлар раӷа " иԥа ҳәа ахьӡ иманы. Аԥсышәала аҵара аанкылан, арҵаратә процесс зегьы ақырҭшәахь ииаган. Зегь реиԥш Семион хәыҷгьы уи аҩыза аӡбамҭа ӷыӷшақә идикылеит, зегь реиԥш иаргьы ицәыуадаҩын ихатәы бызшәа наҟ инышьҭаҵаны ақырҭшәахь аиасра. Семион Михаил-иԥа изныкымкәа иҳәахьан, усҟан иара дшаҟәыҵыз ашәара, иҩнуҵҟа ишалагаз агәаӷ азҳара, ихы ажәа шаиҭаз-аӷацәа риааиразы, урҭ ҳкультуреи, ҳҭоурыхи, ҳбызшәеи рҿы ирымаз анырра аԥырхразы имч-илша дшамеигӡо.

Анаҩс ус иагьыҟалеит. 1977-тәи ашықәс азы Аԥсны еиҭах еилаҩынтран. Аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа раԥшьгарала игәаӷьын Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәеи, ажәлар зҭагылаз агәаҟреи зныԥшуа аколлективтә шәҟәы Кремльҟа ашьҭра. Зыӡбахә цо, анаҩс "Шәи ҩажәи жәаҩык рысаламшәҟәы" ҳәа зыхьӡны аҭоурых ианхалаз адокумент ауп. Ари ашәҟәы анапаҵыҩра гәаӷьыуацәан, избанзар уи иахылҿиаар алшоз алҵшәақәа урыцәшәаратәы иҟан. Амилаҭ рхақәиҭратә қәԥара агәҭаны игылаз Семион Адлеиба, усҟан еицырдыруаз журналистхахьан, аха иара сҭаркып мамзаргьы сусура самархып ҳәа иҽыԥхьаимкит, гәыҩбара ҟамҵакәа ашәҟәы инапы аҵаиҩит. Иара еиликаауан иуаажәлар рҭагылазаашьаҿы аиаша аҳәара иацәшәо ажурналист изанааҭ дшаԥсам, ари азҵаараҿы амцақьақьаратә хымҩаԥгашьа ҟалашьа шамам. Ари ахҭыс Семион Адлеиба ихьыӡ еиҳагьы иарӷәӷәеит, аиаша иазықәԥоз рыбжьара ипату еиҳагьы еиҳахеит. Семион Адлеиба ажурналистика анаҩсгьы дтәылаҿацәҭҵааҩын, аҳаԥқәа дырҭаланы иҭиҵаауан, дышьханыҟәаҩын. Уи знапы алаку аҵарауаа аӡәырҩы иреиӷьны ажәытә ҭыԥхьӡқәа идыруан. Атопонимика ашьақәыргылара дашьҭан. Ақырҭқәа рнапы ақәӡамкәан ажәак аефир ахь ашьҭра аныҟамлоз аамҭазы, иара аӡәгьы дизымҵааӡакәан аефир аҿы далацәажәеит ақырҭқәа ҳҭоурыхтә ҭыԥхьыӡқәа реицакра ишаҿу атәы. Ҳәара аҭахума, Семион имҩаԥигаз ари аефир иԥжәаз абомба ишаҩызахаз. Аха, ажәлар рыбзиабара зцыз Адлеиба ҷкәын дрызҭакӡомызт, уи иахылҿиаар ауан ажәлар ргылара. Убри аҟынтәи даҽакала азҵаара рыӡбоит.

Семион Адлеиба Ԥсҳәытәи ашкол аиҳабыс дарҭоит, уахь дагьырышьҭуеит. Ԥсҳәы усҟан акәым иара уажәгьы анеира ахьыуадаҩу шьхаҭыԥуп . Семион Михаил-иԥа идырӡыз аӡә еиԥш дрыԥхьаӡон. Ақырҭқәа ргәы иаанагон аҭыԥ иацыз ауадаҩрақәа изышьҭымхӡакәа иара иҟазшьа ԥҽуеит ҳәа. Аха, Семион дахьнеиз инхоз ауаа ҩызак, ааӡаҩык, зажәа иазыӡырыҩуаз абжьгаҩык дырзаҩызахеит. Иара аԥсабарахь имаз абзиабара уа еиҳагьы иаатит, ашьхауаа рыбзазашьа ҭиҵаауан, ақыҭа Ԥсҳәы акәша-мыкәша иҟаз ашьхақәа зегьы дырхысит, аӡиасқәеи, аӡиақәеи, аӡхыҽҽақәеи ирызкны аматериалқәа еиқәиршәееит. Урҭ зегьы анаҩс иикьыԥхьыз аетнографиатә очеркқәа шьагәыҭс ироуит. Семион Адлеиба даҽазныкгьы ишьақәирӷәӷәеит ажурналист амикрофон имамзаргьы джурналистны дшаанхо. Уи иблақәа ирбо, илымҳақәа ираҳауа, иламыс ишьҭнахуа мацарагьы шазхо. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Семион Адлеиба ҩынҩажәи жәаф шықәса ихыҵхьан . Сықәра саҭанаҵоит смеибашьыргьы ҳәа сааҭкгьы дымтәаӡеит. Иара аибашьра амца иалганы иааигон ахьы аҟара зкапануаз аматериалқәа. Ибжьы еснагь иҿацан, ицқьан, агәкажьрра ацӡамызт. Уи заҳауаз азыӡырыҩцәа ргәы арӷәӷәон. Урҭ анҵамҭақәа уажәы хәы змам ҭоурыхтә ҭынханы иҟоуп. Аибашьра ашьҭахь аамҭа хьанҭақәа раангьы Семион Михаил-иԥ изанааҭ аанимыжьит, уи моу ҿыц иааиз аҿар гәцаракны илшоз рыҵаиҳәон, дрыцхраауан. Семион Михаил-иԥа иԥышәа ҳасаб азуны изныкымкәан аҭыԥқәа идыргылахьан, аха иара уи ихахьгьы иааигомызт-еснагь мап рцәикуан амаҵурақәа. Иара изы зегьы ираԥхьагылан аиашеи ажәа ахақәиҭреи. Аусурахь даауан маланыҟәала. Дџьазшьоз дрыхлафаауан, аха аӡәы иҿаԥхьа ихы арқьиара аҭахны иԥхьаӡаӡомызт.

Иара изыҳәан амаланыҟәа ала аныҟәара агәабзиареи, ахақәиҭреи рфилософиахь иаҵанакуан. Имаҷҩуп даара Семион Адлеиба дзакә спелеологыз здыруа. Аҳаԥқәа зыԥшаауеи, иаазыртуеи дрыцны Аԥсны ашьхеибаркыра зегьы дакәшахьан, ҩ-нызқьы­нтә еиҳаны аҳаԥқәа дырҭалахьан. Иара изы, аҳаԥқәа рыҭҵаара ажурналистика иаҩызан, аҵанӡа анеира, иҵәаху абара-аартра иԥсы изалымхәуа бзиа ибон. Бзиа ибон иԥсадгьыл, ижәлар, итәыла ҭиҵаахьан азы ибзианы идыруан, аҭԥхьыӡқәа инадыркны абнақәа рҿы изызҳауа аҵиаахкқәа рҟынӡа. Иара ихаҭагьы иҳәахьан изныкымкәа, Аԥсны амшын аԥшаҳәа инаркны ашьха каҵәарақәа рҟынӡа, дгьыл ҿаҵак изымдыруа шыҟам атәы. Ҩынҩажәи жәаба шықәса инеиԥынкыланы аус ахьиухьаз Аԥсуа радио аколлектив Семион Михаил-иԥа гәыблыла дыргәалашәоит. Иҟәандоу агәалашәарақәа рзацуп иара илаф, иҩызара, ичеџьыка. Аибашьра ашьҭахь арадио ахь аусура иааиз ажурналистцәа, усҟан зықәрахь инеихьаз Семион рабду еиԥш изыҟан. Иара иакәзар, имаҭацәа реиԥшҵәҟьа дрыхӡыӡаауан. Ҿыц иҟалаз шәырк, ма хаак ҳзаамгакәан дааӡомызт рҳәоит аколлектив аҿы иахьагьы иара даныргәалашәо. Нҵәара зқәымыз, инымҵәандаз ҳәа уззыӡырыҩуаз Семион Михил-иԥа иԥсҭазаара иалиааз иажәабжьқәа ракәзар шәҟәы ссирк ианӡаломызт. Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡареи , «Агәымшәараз» амедали занашьоу Семион Адлеиба иԥсҭазаара далҵит ԥшьынҩажәи хәба шықәса дшырҭагылаз. Иԥсы ҭазҭгьы сынтәа ихыҵуан ԥшьынҩажәи жәаба шықәса. Зыԥсҭазаара зегьы аиашеи, аԥсуа жәлар рзинқәеи рзықәԥара иазызкыз аԥсуа хаҵа нага иҭынхеит ԥсыуала, ламысла иааӡаз ахшара. Иахьа ирызҳауеит забду ихьыӡ казмыршәуа амаҭацәа. Иреиҳау ԥсра зқәым хьӡны Семион Адлеиба иҭынхеит иҿымцәаауа агәалашәареи, ижәлар рыбзиабареи.

Елана Лашәриа