Уаҟа аԥхьахә хада «Голден Гран-при», иара убас Кавказтәи акультуратә доуҳа ажәлар рыкәашараҿы аиқырхаразы» ҳәа аҳамҭа ҷыдеи ранашьахеит зҟазара ҳаракы ала ахәаԥшцәа зыршанхаз, Муштафар Баҭыров инапхгарала, Москва иаԥҵоу, жәлар рыкәашара ансамбль « Адыги». Урҭ инарыгӡеит акәашара хкқәа ҩба: «Къафэ къуаншэ»-и «Мэздэгу къафэ»-и.
Иара убас, ахраҿеи 40 нызқь мааҭ аԥаратә ҳамҭеи ранашьахеит Москва жәларбжьаратәи аиндаҭлара «Битва городов» аҟны, Адыгьеиа, Тахтамукаитәи араион акультуратә Ҩны аҟны иаԥҵоу, Кавказтәи акәашарақәа ́рстудиа «Фишт» ааӡамҭацәа аиҳабыратә гәыԥ. Аиҵбыратә гәыԥ «Лу́чиграи» алахәцәагьы рҩызцәа еиҳабацәа ираҵамхакәа, Москва имҩаԥысуаз афестиваль «Зимние чудеса – 2026» аԥхьахә хада «рылырԥааит» рандаҭлаҩцәа, ажәлар рыкәашара хкқәа рынагӡараҿы.
Адыгьеиатәи жәлар рҟазара ансамбль «Уџь» акәзар, Урыстәыла акультура аминистрра имҩаԥнагаз, ажәлар рдоуҳатә культура аиқәырхара иазынархоу, 60 қалақь рахьтә 120 коллектив злахәыз афестиваль аҟны иалкаахеит, иагьранашьан зҵакы ҵаулоу аҳәынҭқарратә премиа «Душа России».