Уи, Ҟабарда-Балкариа 2025 шықәсазтәи Аԥшӡа лалкаара иазкыз аиндаҭларатә қәгыларақәа ракәын. Шәҩык инареиҳаны зеинаалашьа ухнахуаз аҭыԥҳацәа ираԥылгеит В.М.Коков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә аграртә университет астудент, 17 ш. зхыҵуа Диана Лагиева, уи аиндаҭлара аӡбаҩцәа иланаршьаз аԥхьахә хада «ҞБАр Аԥшӡа – 2025» анаҩсгьы даԥсахеит ахәаԥшцәа рыбзиабарагы («Мисс зрительских симпатии»). Иблахкыгоу ҭеиҭыԥшла аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Милана Елокова, ахԥатәи – Мариана Кишева. Иара убас, зегь раасҭа аҟазара злоу ҳәа иҷыдоу аԥхьахә ала далкаан Алина Лешьчук, «заамсҭашәара ухнахуа» ҳәа дыԥхьаӡахеит – Диана Кумыкова.
Баша иазгәеимҭеит адунеитә хәыцҩцәа дуқәа руаӡәк «Аԥшӡара ауп адунеи еиқәзырхо» ҳәа.