Print this page

Изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы Риҵаҟа амҩа иқәлеит АҶА аколонна

Ажьырныҳәа 21, 2026 16

Аиқәырхаҩцәа ашьхара иаԥну аҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхра иадҳәалоу аҽазыҟаҵарақәа ркомплекс мҩаԥыргоит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

«Иҷыдоу атехникеи хаҭалатәи аилазаареи ахьшәашәара зцу аӡынразы аусура ишазхиоу гәарҭоит. Аусзуҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳаразы ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа лассы-лассы имҩаԥаҳгоит», – ҳәа азгәеиҭеит Лев Кәыҵниа.

Аиԥш-зеиԥшу аҽазыҟаҵарақәа Риҵа имҩаԥган 2024 шықәса жәабранмзазы.