Аилатәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, уи актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Џьансыхә Нанба, Вараздат Миносиан асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы аминистр инапынҵақәа назыгӡоу Кама Аӡынба, аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилаки Афонди рнапхгаҩцәа.
«Аҳәынҭқарратә биуџьет аԥаратә хархәагақәа рыла инагӡахоит ахықәкытә программа «Анхарҭа». Иара убас аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Афонд аԥаратә хархәагақәа рыла зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа ҳџьынџьуаа рзы аргыларақәа мҩаԥысуеит», – ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.
Иазгәеиҭеит асоциалтә цхыраара аиуразы ихадоу агәыԥқәа рышьақәыргылара шхымԥадатәиу.
«Ахада иҟаиҵаз аацҳамҭа излаҳәоу ала, ахшара рацәа змоу аҭаацәеи егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакуа ауааԥсыреи нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәаразы аусмҩаԥгатәқәа зегьы еидкылатәуп, амҽхак еиҳа иҭбаахарц. Сгәы иаанагоит аамҭа кьаҿк иалагӡаны инагӡахоу ажәалагалақәа еиқәҳаршәап ҳәа», – иҳәеит Беслан Ешба.
Аусуратә гәыԥ алахәылацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара зауа азинҷыда змоу ауааԥсыра ркатегориақәа рзы аӡбара рыдыркылароуп.