Print this page

Аберқыҭ (анкьа. Папынрхәа) ацҳа ҿыц хырҵоит

Ажьырныҳәа 20, 2026 22

Абри азы адырра ҟаиҵеит Гал араион ахада Константин Ԥлиа.

Ацҳа ахҵара аҭахны иҟалеит ҽаҩраҭагалантәи аӡхыҵра ашьҭахь.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ашәарҭадаразы Афедералтә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа ацхыраарала цҳак шьақәыргылоуп. Аха аҩбатәи ацҳа аҟамзаара ақыҭауаа ауадаҩрақәа рызцәырнагоит.

Ари азҵаара аӡбаразы аҭыԥқәа рахь идәықәлеит УКС аусзуҩцәа. Иаарласны урҭ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит.