Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгаҩы Рустам Латипов Аԥсныпресс акорреспондент излаиаиҳәаз ала, уажәшьҭа 14 шықәса зхымҵыц Урыстәыла атәылауаа аҳәаа иахысырц азы аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы рҭахуп.
Уаанӡа рҭаацәа ирыцны ахшараиуразы аршаҳаҭга ддырбар азхон.
Аԥсны атәылауаа рзы аҳәаа ахысра аԥҟарақәа ԥсахрада иаанхоит.
Убри аан, Латипов иазгәеиҭеит, Аԥсны атәылауаа (Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу) Урыстәыла ахшара дроур, аҳәаа иахысаанӡа асаби изы атәылауаҩшәҟәы ҟарҵароуп ҳәа.
Аԥсны атәылауаа (Урыстәылатәи атәылауаҩра змам) Урыстәыла ахшара дроузар, ахынҳәразы Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы иҟоу АҬАР аҿы ахшараиуразы аршаҳаҭга ргароуп.