Print this page

Аԥсны Акультура аминистр Даур Ақаҩба Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа анапхгара алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит

Ажьырныҳәа 19, 2026 14

Аилатәараҿы агалереиа анаҩстәи аҿиареи имҩаԥысраны иҟоу аусмҩаԥгатәқәеи рызҵаарақәа ирылацәажәеит.

Ирыдыркылаз аӡбамҭақәа иреиуоуп анапхгаҩы Сурам Сақаниа ихаҭыԥуаҩыс Елена Лабахәуа лыҟаҵара. Лара напхгара алҭалоит агалереиаҿы аҭҵаарадыратә умҩаԥгатәқәеи аҵарадырратә программақәеи.

Аминистр агалереиа анапхгара рнапы ианиҵеит иааиуа ашықәс азы ацәыргақәҵақәеи амастер-классқәеи реиҿкааразы аплан аус адыруларц. Арҭ аусмҩаԥгатәқәа ауаа аҟазарахь азҿлымҳара рынаҭоит, иҿыцу аудиториа аднаԥхьалоит, культуратә центрк аҳасабала агалереиа апозициа арӷәӷәоит.

Иалацәажәан егьырҭ акультуратә усбарҭақәеи агалереиеи русеицура, аҭааҩцәеи дареи русеицура аиӷьтәразы атехнологиа ҿыцқәа радгалара уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа.