Print this page

Никита Лежьиа 21 шықәса зхымҵыц аҿар рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Аҩада-Мраҭашәаратәи афедералтә округ аԥхьахәгараҿы даиааит

Ажьырныҳәа 19, 2026 14

Никита иигаз аиааира иабзоураны жәабранмза 11 инаркны 15-нӡа Владикавказ ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Урыстәыла аԥхьахәгара далахәхоит.

Европеи адунеи рчемпионатқәа рҿы ақәгыларазы алԥшааратә етапуп ари атурнир. Аспортсмен Размик Алабиан дазыҟаиҵоит.

Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы. Аицлабрақәа мҩаԥысуан Калининград. Аспортсмен 61 кг рҟынӡа инаӡо акапантә категориа даҵанакуеит.