Print this page

Аминистрцәа реилазаараҿы ирылацәажәеит ақыҭақәа рырҿиара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа

Ажьырныҳәа 17, 2026 25

Аԥыза-министр Владимир Делба имҩаԥигаз аилацәажәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Џьансыхә Нанба, Вараздат Миносиан, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб.

«Ақыҭақәа рыцхраара, анхацәа рыдгылара ҳтәыла асоциал-економикатә ҿиараҿы ихадоу позициоуп. Ақыҭанхамҩа аекономика ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп, уи аекономика аизырҳара иацхраауеит», - иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба.

Ақыҭақәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭара апрограмма анагӡараан, аусбарҭақәа русеицура ҳәаақәызҵо аусуратә гәыԥ аԥҵатәуп ҳәа аԥыза-министр иҟаиҵаз аԥшьгара адгылара аиҭеит Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба.

«Ақыҭа аинфраструктура иадҳәало адҵақәа рацәоуп. Анхацәа ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыжьра ралархәра, аалыҵ аҭира уҳәа ирызку ауснагӡатәқәа ыҟоуп. Иара убасгьы ирылаҳәан ақыҭа рҵаҩы азинҷыда имазар ахәҭоуп ҳәа», - иҳәеит Ешба.
Беслан Ешба иара убасгьы иазгәеиҭеит аусура аҳәаақәҵараҿы ихадоу аҭыԥ шааннакыло ақыҭанхамҩа аминистрра.

Ҳазҭоу ашықәс азы атәыла Ахада иажәалагалала ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аҳәынҭқарратә статус амазаауеит.