Print this page

Мап! Ауаҩы дазыԥсахуам

Ажьырныҳәа 16, 2026 58

Ажәҩан ҧшӡаӡа ихызҟьо аеҵәақәа илашарбагоу аимхәыцқәа иреиҧшха аҳаракыра иаларшәуп. Урҭ алашарбагақәа зегьы хылаҧшҩыс ирымоушәа, амзагьы ажәҩан агәаҵа иҭаршәуп.

Абас еиҧш иҟоу асахьа збоит аҧенџьыр аҟынтә сахьыҧшуа, ари аҧшӡара знубаалаша афотосахьа аҟаҵара сҽазысшәоит, аха сгәы ишаҭахыҵәҟьоу иалҵуам.
Убри аамҭазы исгәалашәоит иҧсабаратәым аинтеллект схы иархәаны иаҧысҵарц шсылшо аиҧш зеиҧшу афотосахьа. Уи аус адылура напы анасыркы ишысҭахҵәҟьаоу афотосахьа алҵырц сҽазысшәеит, аамҭа маҷымкәа иақәсырӡуеит, иҧсабаратәым аинтеллект иалнаршоит сфотосахьа хаҭабзиара ҳаракыла аҟаҵара. Сгәы иснаҭоит иҧсабаратәым аинтеллект даараӡа ихәарҭоу мыругоуп ҳәа. Аха убри аан, схаҿы иааиуеит ахәыцрақәа - "Иҧсабаратәым аинтеллект иалшома иҵаҵӷәыдоу афотосахьақәа раҧҵара, насгьы урҭ иҟаҵәҟьазшәа ауаа рыларҵәара?" - ҳәа. «Ааи», – заманалаҵәҟьа иалшоит, уи шьаҿа дуӡӡак ҧхьаҟа иҟанаҵахьеит, ауаҩы илшарақәа инарываххуа алшарақәа цәырнагоит иара, уи алагьы ҳаҧсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалахоит.
Ҳаамҭазы аларҵәара дуӡӡа зауз, зылшарақәа даараӡа иҭбаау акәны иҟоуп иҧсабаратәым аинтеллект. Иара иалнаршоит жәпакы ахықәкқәа рынагӡара, ауаҩы илшарақәа инарԥыланы иадуҵо адҵақәа рынагӡара. Иҧсабаратәым аинтеллект ахархәарала ауаҩы иаҧиҵар илшоит еиуеиҧшым аҩымҭақәа, афотосахьақәа, авидеонҵамҭақәа, урҭ зегьы иара инанагӡар алшоит гьама ҳаракыла. Иҧсабаратәым аинтеллект аҿиара иалагеит иҳаҩсыз ашәышықәса аҽеиҩшамҭаз, усҟан икын уи ашьаҭа, аха алшарақәа рацәаны иамамызт, иахьатәи аамҭазы иамоу аларҵәарагьы амоуцызт. Аха аамҭа ҧхьаҟа ицацыҧхьаӡа, атехнологиа ҿыцқәа шьаҿаццакыла аҧсҭазаара иалаҵәацыҧхьаӡа, иҧсабаратәым аинтеллект хадара зуа хәҭаны ауаа ҳдунеи иагәылалеит. Иара иахьатәи аамҭазы ахархәара дуӡӡа амоуп, уимоу ауаҩы иду аҭакҧхықәра, иҧсабаратәым аинтеллект иназынарханы еиуеиҧшым адҵақәа аланаигӡоит. Ицәырҵуеит азҵаара: "Ауаҩы иҧсабаратәым аинтеллект дазыҧсахуама, насгьы иалшома азҵаарақәа зегьы иарала аӡбара?"
Иҧсабаратәым аинтеллект хаҭала иаҧызҵаз ауаҩы иоуп, иара иоуп уи ахархәара азҭо, насгьы имҩақәызҵо, еиуеиҧшым адҵақәа адызҵо, урҭ реишьҭагылашьа, реиҿартәышьа азназго. Убри инамаданы иҧсабаратәым аинтеллект ауаҩы ида изыҟалом, иара ауаҩы дазыҧсхуам. Аха иаҭахума ес­нагь иара ахархәара? Сара сгәанала инамыцхәны ахархәареи, ауаҩы зынагӡара илшо ахықәкқәеи иара адҵара аҭахым, иаҭахым ирацәаӡаны аҽадцалара, избан акәзар ус ианыҟала ауаҩы зынӡа адыррақәа рырҳара дацәхьаҵуа, ихы аус адулара мап ацәикуа далагоит, уи даараӡа иҧхасҭа дуны иҟалоит ауаҩы идунеи аҿы. Иҧсабаратәым аинтеллект ыҟазааит цхыраагӡак аҳасабала, аха иаҭахым уи ауаҩы иҧсахга аҳасабала ахәаҧшра. Ари ауаҩы иаҧҵамҭоуп, иџьабаа зырмарио мыругоуп.
Абар, ажәҩан еҵәала ихҟьоуп. Сара сныҩналеит издыруа асахьаҭыхҩы иуада. Уаҵәҟьа избеит иара аҵыхәтәан иаҧиҵаз асахьа - "Еҵәала ихҟьоу ажәҩан" захьӡу. Сгәы исыҵанаҳәоит ас еиҧш иҟоу аҟазара ҳаракы иҧсабаратәым аинтеллект иазаҧҵом, ас еиҧш гәыблыла иазнеины ауаа рыблала изахәаҧшуам ҳәа. Ари ауаҩы игәаҟынтәи ишьа-ида ирҭысны иаауа ҟазароуп, иара игәеисыбжьи иҧсҭазаара аимгеимцарақәеи ақәырӡны, шә-хәыцрак дыргәылсны иаҧиҵеит аланарԥшыра. Шаҟа амҽханакуазеи аҟазара нагӡа!

Лана Коф-оглы