Print this page

Аԥыза-министр Владимир Делба астатистиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Кама Гогиа дылԥылеит

Ажьырныҳәа 15, 2026 7

Аиԥылараҿы ирылацәажәан ашықәсазтәи аҳасабырба, уи аиҿкаашьа, адыррақәа ахьынӡахаҭәаау, насгьы иахьынӡаиашоу.

Иалацәажәеит астатистикатә ҳасабырбара ашьақәыргылара иацу ауадаҩрақәа, урҭ рыӡбаразы иалхтәу амҩақәа.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан аелектронтә усшәҟәқәа, астатистикатә дыррақәа раиураан аилагарақәа рзы административтә ҭакԥхықәра арӷәӷәара иадҳәало азҵаарақәа.

Иара убас, ирылацәажәеит 2030 шықәсазы Аԥсны ауааԥсыра ашәҟәы рҭагаларазы аҽазыҟаҵара аетапқәа.