2026 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Аԥсуааи адыгааи: иаку аҭоурых-культуратә ҵакыра», иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, кавказҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа диижьҭеи 110 шықәса аҵра иадҳәалоу.
Зымҽхак ҭбаау ари афорум амҩаԥгара официалла ирылаҳәан ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәсазы имҩаԥысуаз Адыгеиа (Черкесск) Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа (АМАН) есышықәсатәи аҳасабрбатә аконференциаҿы.
Аҭҵаарадырратә усмҩаԥгатә еиҿкаахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, Адыгатәи (Ачерқьестә) Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи русеицурала. Аконференциа академиатә центрқәа рыбжьара аимадара арӷәӷәоит, Кавказ ажәларқәа рзеиԥш ҭоурых-культуратә ҭынха ҳаԥхьаҟа аҭҵааразы акырӡа зҵазкуа шьаҿаны иҟалоит.
Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәсазы авидеоеимадара аформат ала Адыгатәи (Ачерқьестә) жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа есышықәсатәи аҳасабрбатә конференциа мҩаԥнагеит. Асессиа аусура мҩаԥысит академиа Ахада Арсен Башир-иԥа Каноков инапхгарала.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, аматематикатә ҭҵаарадыррақәеи, аинформациатә технологиақәеи, аҳасабратә системақәеи Рыҟәша анапхгаҩы, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи АМАН алахәылацәа иашақәа. Иара убасгьы аилацәажәара иалахәын Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесиа, Москва, Даӷьсҭан, Ингәыштәыла, Чечентәыла, Краснодартәи атәылаҿацәқәа, Ставропольтәи, Ростовтәи аобласт, Ҟазахсҭан, Ҭырқәтәыла рҟынтәи аҵарауаа.
Аофициалтә хәҭа иалагаанӡа, аконференциа аделегатцәа минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит 2025 шықәсазы зыԥсҭазаара иалҵыз иналукааша аҵарауаа-аҭоурыхҭҵааҩцәа, АМАН алахәылацәа Олег Хәыхәыт-иԥа Бӷажәбеи Станислав Зосим-иԥа Лакобеи. Шықәсырацәала аҭҵаарадырраҿы ирбоз аџьабааи рлагалеи ихадоу ҭынханы иазгәаҭан.
Апрезидиум аусура аихшьаалақәеи АМАН 2025 шықәсазтәи аҭҵаарадырратә усура алҵшәақәеи рзы ажәахә хада ҟаиҵеит аҵарауаҩ маӡаныҟәгаҩ хада, апрофессор Сафарби Ҳасанби-иԥа Шхагапсоев.
Аҳасабырбатә хәҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны дықәгылеит Агәаҭара-ревизиатә комиссиа ахантәаҩы Р.Х. Калов, уи афинанс-нхамҩатә усуразы иажәахә иазыӡырҩит, иааиуа ашықәс азы Академиа ахарџьқәа шьақәдырӷәӷәеит.
Иара убас аконференциаҿы дықәгылеит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа, уи ииасуа ашықәс азы аусеицура аихшьалақәа ҟаҵо, 2026 шықәсазы зынагӡара азԥхьагәаҭоу ихадоу аусмҩаԥгатәқәа азгәеиҭеит, иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, кавказҭҵааҩ ду, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ҳаҭыр зқәу АМАН академик Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа диижьҭеи 110 шықәса аҵра иазку жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Аԥсуааи адыгааи: иаку аҭоурых-культуратә ҵакыра» уахь иналаҵаны. Аконференциа мҩаԥгахоит 2026 шықәса жьҭаарамзазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти, Адыгатәи (Черкессктәи) Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи русеицурала.
Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз академиа алахәылацәа ҿыцқәа ралхра мҩаԥысит.