Print this page

Аныҳәа хадақәа ируаку

Ажьырныҳәа 13, 2026 80

Аӡын ныҳәара, Хьычхәама, Ажьырныҳәа – ари зегьы ззырҳәо, аԥсуаа жәытә-натә аахыс иаарго аныҳәа хадақәа ируаку акоуп. Аҩнаҭа аԥшәма иҵакыра зегьы иманы ажьираҿы дныҳәоит. Ҳазшаз илԥха-игәыԥха даҳәоит.

Калдахәара инхо Ҭамаз Амԥар 60 шықәса ихыҵуеит. Хәбаҟа шықәса ҵуеит ихаҭа агәаҵәа кны дныҳәоижьҭеи. Аханатә агәараҭаҿы дныҳәон иаб Жора. Иара иоуп аҩнду аҟынтә ажьира аҿганы иаазгазгьы. Нас амаа икит Ҭамаз иашьеиҳаб. Уи игәамбзиара иахҟьаны, иара ақалақь аҿы дызланхоз алагьы, аныҳәара Ҭамаз ииҭеит. «Алԥха ҳауааит! Ишаҳдыруа ала иҟаҳҵоит аныҳәа, иаҳзымдыруа азы Анцәа ҳаҭаумҵан ҳҳәоит», - дныҳәоит Ҭамаз ҳаиҿцәажәонаҵы.

Иара аныҳәа мчыбжьык шагу ажьираҿы днеины «Алԥха ҳамазааит» ҳәа дныҳәоит. Нас ажьира аарыцқьаны, зегьы рҭыԥқәа рҿы иҟоу-иҟаму гәаиҭоит. Аныҳәара шьоукы амза жәаха ауха иҟарҵоит, иара амш изықәшәалакгьы. Амԥараа ракәзар, ажьирахь инеиуеит шәахьеи-ԥшьашалеи. «Ҳабдуцәа иаҳдырбаз ала ҳныҟәоит», - иҳәоит Ҭамаз.

Ажьырныҳәа аҽны ашьыжь ашьтәа аԥсы шҭоу аныҳәарҭа аԥхьа аҭаацәа еизаны иныҳәоит, насоуп ашьтәеи арбаӷьқәеи аныршьуа.

Иаб иҳәамҭаны Ҭамаз иаҳахьоу ауп, шьтәас еиҳарак џьмоуп иадырбо. Алшара аныҟам ашьамаҟагьы ҟарҵар алшоит. Аӷаац, ацә ҟата - ақәра дуумкәаны, шықәсык еиҳаны иаахыҵуаны. Ахш зфо акәымкәа, иҳәоит Ҭамаз.

«Агәаҵәа зку изы ашьтәа ршьуеит, арбаӷь ихыршьаалаӡом. Ажьирахь инаргоит ачашә ду. Арбаӷьқәа ззыршьуа рзы акәакәарқәа ҟарҵоит, ԥшьба-ԥшьбаны. Агәаҵәа иахныҳәо иҟаиҵоит ацәа ду, иара убас егьырҭ рыцыԥхьаӡа. Аҵәы иахоуп - ашьтәа ахацлымҳәа, агәы-агәаҵәа. Арбаӷьқәа ззыркуа рзы – арбаӷь ахы, агәы, агәаҵәа, арӷьамҵәыжәҩа. Иара убас аныҳәарҭахь инаҳгоит аџьыкахыш, ҳазхныҳәо аҩы цқьа», - еиҭеиҳәоит ажьира амаа зку.

Амԥараа аныҳәа иазкны  аҳаԥшьа рымаӡам. Аҩы анҭарҭәо, изықәныҳәаша ҳәа аҩы цқьа хазы иҟарҵоит.

Ҭамаз ԥшәымас дызмоу агәараҭаҿы иршьуеит 15 рбаӷьи, шьтәаки. Ажьирахь днаргаӡом асаби, иара шықәсык инацны ихыҵуазароуп. «Ахәыҷы чашәк икратәы даныҟалалак ауп», иҳәоит Ҭамаз. Аҭаца анеира азин лымаӡам, ажьрацәара еиззырҳауа, аҩнаҭа иацызҵо лоуп азы. Ажьирахь днеиразы, аныҳәара ҷыда мҩаԥгатәуп. Ҭамаз иаҳзеиҭеиҳәеит иара дызхаану ус еиԥш аныҳәара, иан данырныҳәоз.

«Ҭацас дахьыҟоу аҩнаҭахьы лаб дааны диныҳәароуп. Данаауагьы, лымаҭәахә -ашыла, аҩы, ашьтәа, уҳәа зегьы иара иааигозароуп. Лабхәа иакәзар, дахьааӡаз лыҩнаҭахьы дганы диныҳәароуп. Убри ашьҭахь ауп аҭаца ажьирахь анеира азин анлымоу ҳәа ианыԥхьаӡоу. Саншьа дааны сан даныҳәеит. Саб лыҩнаҭахьы дцаны дныҳәеит. Ашьҭахь ауп сан ҳара дҳацны ажьирахь днеиуа даналага», - игәалаиршәоит Ҭамаз.

Иахьа иара иҩнаҭаҿы х-ҩык аҭацацәа ҩнагылоуп. Руаӡәк - лхала лхы лныҳәоит, избанзар аҭаацәара далалаанӡа ажьира даҵагылан. Егьырҭ ҩыџьа - ажьира змамыз, Ҭамаз ихаҭа иныҳәоит, аныҳәа ауха ажьира дыҵаҵны дшааилак.

Аетнолог Цира Габниа лышәҟәы «Амифи аритуали» аҿы илыҩуеит: «Хьыҷхәама аныҳәара далахәӡам аԥшәма ԥҳәыс. Даҽа жәлак дахьатәу азы. Дара ныҳәаны аҩныҟа ианааилак, ларбаӷьхәы агәи-агәаҵәеи арасаҵәы иахаҵаны, иара убас ацәа цқьа иалху лцәашьхәы, лкәакәар аашьҭыхны, агәараҿы игылоу аҵәаҵла днамҵагыланы, «лцәашьхәы иара аҵла ашьапы инаркны» дныҳәоит. Аҵәаҵла аҵаҟа иуҳәо ҟалоит, уи аҟалара аҵәаҵла ацхраауеит ҳәа аԥсуаа ирыԥхьаӡоит. Аԥшәма игәараҿы игылоу аҵәаҵла ашәыр ҿассы есышықәса ииуазар, аҭаацәара зегьы рзы ибзиоуп, аизҳара, аҿиара иатәуп, рҳәоит аԥсуаа».

Ҭамаз иазгәеиҭоит, ажьира аԥҟарақәа рацәоуп, иҟазымҵогьы дубап, аха иара иидыруа ала даҿуп.

«Ари аныҳәара тәым милаҭк имаӡам, аԥсуаа мацара ҳауп, убри аҟынтә имырӡкәа иааҳгоит. Иаҳзыҟамҵо азы Ҳазшаз ҳаибааит», - иҳәоит Ҭамаз.

Аҩнаҭаҿы алԥсаа дыҟазаргьы, аныҳәара мҩаԥыргоит, уи иагужьыр ҟалаӡом. Ашьтәа рымшьуазаргьы, рбаӷьла мацара иныҳәоит. Угәы иауаны ашьтәа узыҟаҵозаргьы, уи гәыбӷан амам. «Ари аныҳәа Ҳазшаз иҳадиҵаз ауп рҳәоит ажәытәуаа, уи азы зынӡагьы абжьажьра, агыжьра ииашаӡам. Аԥсра ашьҭахь абзара ыҟоуп, аизҳара ҟалароуп, аԥсҭазаара иацҵатәуп. Аныҳәарҭа алԥха ҳауааит», - ҳәа иҳәоит Ҭамаз.

Иара игәалашәоит иаб аҩнду аҟынтә ажьира аҿганы ишааигоз. Уи ахҭыс иацыз акәамаҵамарақәа ртәы лымкаала дазааҭгылеит ҳаиҿцәажәараҿы.

«Ажьиирҭақәа зегьы рҿы еилшәарада иҟоу маҭәарқәоуп аԥсангьери, ажьаҳәа, арыҭәа. Ажьира анаҿуго, аԥсангьери ҿыцны ажьи иурҟаҵоит. Аҿыц иалазароуп иахьаҿуго аҟынтә еихацк, уи иаларҭәаны иҟаиҵароуп. Аныҳәа мчыбжьык шагу, иахьаҿуго аҭыԥ аҿы аԥсангьери иқәҵаны, ашьтәа шьны иугозароуп. Аха иҟоуп, «сара сазыразны иусҭоит, ара сара исшьуеит, уа иахьнауго уара ашьтәа шьы» ҳәа ҳәаны иузҭогьы. Сара саб иашьа убыс иҟаҵаны ииҭеит. Саб ижьирхәҭа иара иҩнаҿы ишьит», - игәалаиршәоит Ҭамаз.

Иахьа зыҩнаҭаҿы иныҳәо Ҭамаз имоуп азин аҩнду ҳәа изышьҭоу аҿы ажьира аҵагылара. Иара убас аҩнду аҿы иныҳәогьы имоуп азин Ҭамаз дахьныҳәо аҵагылара. Урҭ шьала иахьеибатәу азы.

«Ари аныҳәа зегьы ҳаззыԥшу ныҳәа дууп. Ҳгәырӷьаҵәа ҳаԥылоит. Ахәыҷы-аду ҳаибанарбоит. Схәыҷы аахыс ари аныҳәа пату ақәаҳҵоит. Изҭахым дыҟоуп ҳәа сыҟам. Зегь иреиӷьу ауп. Ҽаанбзиала ҳәа аиашьара еибаҳҳәоит, агәылацәа еибаҳҳәоит. Аибабара бзианы иамоуп. Ҳаныхәыҷыз аҩны иршьыз ашьтәа ҳаҭаны агәылацәа рахь ҳрышьҭуан уи агьама рбаразы. Агәылагьы ажьирахәы иманы даауан. Даара аҵакы ӷәӷәоуп ари аныҳәара, пату ақәҵаны иныҟәызго изы», - иҳәоит Ҭамаз илабжышқәа ацәаакыра рхубаалауа.

Иара еиҭеиҳәоит, даныхәыҷыз Ажьырныҳәа ашкол аамҭа ишақәшәоз. Усҟан ибжьарыжьыр ауӡомызт. «Знык аҩны ҳааины ажьирахь ҳнеиндаз ҳәа агәыԥхара ҳаман», - иҳәоит уи.

Ашықәс ҿыц аиҳа аԥсуаа пату зқәырҵо Ажьырныҳәа адырҩаҽны аԥхьа аҩнаҭахьы иааиз «мышьҭабзиала» ҳәа дныҳәаны дааиуеит, ашықәсан зегьы аинҭәылара, аизҳара, абеиара ҟаларцаз. Аԥсуа ианакәызаалакгьы амшьҭа шыҟаз рдыруан, уи агәра ргон, иагьацклаԥшуан.

«Амшьҭа ҟазҵо агәыразроуп, згәы разу дааины дааныҳәандаз ҳәа зегьы ҳазхәыцуеит. Амшьҭа Хьыҷхәама иамоуп, иара убас Кьырса иира амшгьы иамоуп. Сара ҩынтә- хынтә иԥысшәахьеит схаҭа, амза быжьба рзы иааиуа иоуп еиҳагьы изыхәаԥшәтәу», - иҳәоит Ҭамаз.

Ажьырныҳәа иазку ари аматериал салгар сҭахәуп Ҭамаз аныҳәа ауха ажьирахь даннеиуа ииҳәо ажәақәа рыла. Ари ҭаацәаратә шныҳәоугьы, дара зызку аԥсуа жәлар зегьы роуп.

«Ашықәсеиҩшара ҳаҭәазшьаз, ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп. Аԥсны жәлар рзы аизҳара ҟало, абзиара ҟало, апатуеиқәҵара ҟало, Аԥсны мыӡуа, ҳаԥсуара мыӡуа, ушьапы акрада хьаа ҳаумҭан!»                                                           Альбина Жьиба.