Уи аԥҵан Гагра араион аԥсҭазаара аӡыргаразы. Абри инаркны ателеканал Аԥсны аинформациатә ҵакыраҿы ихадоу акакәны иҟалеит. Аканал аԥхьа напхгара аиҭон Русҭан Конџьариа. Уажәы «Гагра-ТВ» напхгара азиуеит Беслан Амԥар.
20 шықәса аканал аҿиарамҩа иануп. Ирацәан ицәырҵуаз ауадаҩрақәа: атехникатә база аҟамзаара, аус ахьыруа аҭыԥ акырынтә аԥсахра, акадрқәа рзымхара. Иахьа ателеканал аилазаараҿы иҟоуп 17-ҩык аусзуҩцәа.
«Аԥсныпресс» акоманда рколлегацәа риубилеи рыдныҳәало, арҿиаратә қәҿиарақәа рзеиӷьаршьоит.