Print this page

Аҳәынҭқарратә хортә капелла агастрольқәа рахь амҩа иқәлоит

Ажьырныҳәа 12, 2026 20

Аԥснытәи артистцәа ажьырныҳәа 16 рзы Нижни Новгород имҩаԥысуа Қьырсаныҳәа ахортә еизара ду иалахәхоит, ажьырныҳәа 19 рзы Москва Аиқәырхаҩ Иаса Қьырса Иныхабаа Ауахәаматә еизарақәа рзал аҿы аконцерт мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.

Акапелла ицәырнагоит аконцерттә программа "Аԥсни Урыстәылеи рмузыкатә цҳақәа" захьӡу. Уахь иаҵанакуеит аԥсуа, аурыс, аҳәаанырцәтәи ахортә музыкатә ԥҵамҭақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп жәлар рашәақәа: "Ахра ашәа", "Ахәра ашәа", Нодар Ҷанба ирҿиамҭақәа.

Адирижиор – Барас Кәыџба, ахормеистер — Мадина Чачхалиаԥҳа.