Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба афестиваль «Амандарина» ахыркәшаратә усмҩаԥгатә даҭааит

Ажьырныҳәа 10, 2026 26

Атәыла ахада ҭабуп ҳәа реиҳәеит афестиваль аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи.

Абри атәы иҳәеит Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа ителеграм-канал аҿы.

«Ари ҳтәыла абеиареи амазареи ҳасасцәа дырбаразы даҽа лшароуп», - ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.

54 метра инареиҳаны аура змоу аторт ду аӡыргара афестиваль афиналтә аккордны иҟалеит. Уи мҩаԥысуеит Аҟәа, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы.