Print this page

Иаса Қьырса Иирамш

Ажьырныҳәа 07, 2026 38

Аҧсны ианвар быжьба рзы иазгәарҭоит ақьырсиантә ныҳәа Иаса Қьырса Иирамш.

Ари аныҳәа азгәаҭара шьақәыргылоуп аиудеитә қалақь Вифлиеем аҟны Ацқьа Мариа илыхшаз ауаатәыҩса реиқәырхаҩ Иаса Қьырса иира инаркны.

Ҳазҭалаз ашықәс ҿыц ианар фба ауха  Аҧсны ақьырсиантә уахәамақәа зегьы рҟны аныҳәарақәа ирылаган. Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы  Анцәа иашьапкра хацыркын асааҭ жәеиза рзы.

Шәышқәсала иаауа Қьырса ныҳәа адунеи ахьынӡа-наӡааӡо, миллионҩыла ауааҧсыра гәырҕьарыла иаҧылоит, даҽаамҭанык еиҧшымкәа ргәыҕрақәа адырҳәалоит. Аиаша динхаҵараҿы иҧшьоу аныҳәақәа жәаҩа рҟынтәи ари амш ихадоу аҭыҧ ааннакылоит.

Аныҳәа лаша иа­ҧ­ылаанӡа ақь­ырсиан иашахаҵара аҧҟарақәа ныҟәызгоз рҽазыҟарҵон, ачгара иҵан. Аныҳәа аҽны инаркны ачгара иҵыҵит.

Аҧсуаа ҳҟны акәзар, ари амш аҽны зыҧсҭазаара иалҵхьоу рыуацәа рҭынхацәа рзы аишәа дыргылон,ацәашьы адыркуан, иахьагьы изыргыло маҷҩым. Аха ақьырсиантә динхаҵара излаҳәо ала, уи иашаӡам, избанзар ари амш Иаса Қьырса Иирамш иазкуп. 

Иџьашьахәу Иаса Қьырса Иирамш Аҧсуа жәлар зегьы гәык-­ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит. Иахьа аҽаамҭанык еиҧшымкәа иҳамазаро          уп акзаара, аицхыраара, арыцҳаибашьара, Анцәа ихаҵара. Иҟалааит адунеи аҟны аҭынчра! Иаса Қьырса илҧха шәымазааит!