Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ажьырныҳәазтәи ажәылара 33 шықәса ахыҵра инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Ажьырныҳәа 05, 2026 37

«Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы фырхаҵаратә рыцхәуп ажьырныҳәамза 5.


Ари амш аҽны, 1993 шықәсазы ҳаибашьцәа Аԥсны аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәразы, аӡынтәи аӡиас хьшәашәа, Гәымсҭа, ирны ажәылара мҩаԥыргеит.

Рыцҳарас иҟалаз, ажәылара ахықәкы рзынамыгӡеит. Аха уи аҽазныкгьы иаанарԥшит Аԥсны жәлар рыгәаӷьреи ргәымшәареи, аԥсадгьыл ахақәиҭтәра ахьӡала ахамеигӡара ишазхиоу. Ари ажәылара ԥхьаҟатәи аиааира амҩаҿы акрызҵазкуа етапны иҟалеит.

Ажьырныҳәамзазы имҩаԥгаз ажәылараан иҭахаз афырхацәа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит. Урҭ рфырхаҵара наунагӡа ҳажәлар ргәалашәараҿы иаанхоит», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.