Print this page

2026 шықәсазы Аԥсны раԥхьа ииз асаби дыҷкәыноуп

Ажьырныҳәа 02, 2026 16

Аҳҭнықалақьтәи ахшараиурҭа аҩнаҿы, ажьырныҳәамза 1, асааҭ 00:25 рзы, 4100 грамм иҟоу ахәыҷы диит.

Аираа рҭаацәа рзы ари асаби аԥшьбатәи аҷкәын иоуп. Ани аԥшқеи рхы бзианы ирбоит, амедицинатә усзуҩцәеи рҭынхацәеи рҟынтәи адныҳәаларақәа рыдыркылоит.