Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҧсны ҧасатәи Ахада Александр Анқәаб Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит

Ԥхынкәын 31, 2025 17

Адныҳәалараҽы иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Александр Золотинск-иԥа!
Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҽыц!

Шәара шәыҧсҭазаараҿы акыр аџьабаа жәбеит ҳҳәынҭқарра азы. Уи ҳажәлар пату ақәырҵоит.

Иахьа аҳәынҭқарра напхгара азҭо иаҳуалуп ҳаҧсадгьыл амаҵ азызуаз рџьабаа пату ақәҵаны, урҭ рлагамҭақәа реизырҳара.

Ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, ҭаацәыныла аманшәалара, агәалаҟазаара бзиа. Ҳазҭалоу ашықәс маншәалахааит ҳауаажәлари ҳҳәынҭқарреи рзы».