Print this page

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит

Ԥхынкәын 31, 2025 16

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Қьырса иира амш лашеи.

Ииасуа ашықәс азы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аусеицуреи аиҩызареи қәҿиарала аҿиара иаҿын. Москва имҩаԥысыз ҳаиԥыларақәа , хәажәкырамзеи лаҵарамзеи рзы акыр ихәарҭаны иҟалеит, аҩганк ирзеиӷьу ахырхарҭа ҿыцқәа рышьақәыргылара алнаршеит.

Аринахысгьы, жәаҳәарада, аԥсуа-аурыс жәларқәа реизҳазыӷьара иазырханы аусеицура иацаҳҵоит, ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи раԥҵара иазырхоу аусура нагӡахоит.

Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа шәҭынхацәеи шәареи ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аманшәалара, Аԥсны жәлар зегьы — анасыԥи аизҳазыӷьареи».