Аԥсны жәлар рыхьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс ҿыци Иаса Қьырса иира амш лашеи.
Ииасуа ашықәс Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу аусеицура аҿиараҿы ихадоу етапны иҟалеит. Ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа есааира рыҽдырҭбаауан. Есымша иаашәырԥшуа адгылареи, ҳаԥсадгьыл аҿиареи, уи ауааԥсыра реизҳазыӷьареи ирызхоу аус аҿы ацхырааразы гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит.
Ииасуа ашықәс аҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылеит Аиааира Дуӡӡа 80-шықәса ахыҵра азгәаҭара. Зыжәҩахыр еибыҭаны аӷа иҿагылаз ҳажәларқәа иаадырԥшыз афырхаҵара ҳаиднакылоит, иахьатәи ҳаизыҟазаашьақәа иҷыдоу аҵаки агәрагареи рырҭоит.
Ҷыдала исгәаласыршәоит гәаартыла аилибакаара ацны имҩаԥысыз ҳаиԥыларақәа. Урҭ акрызҵазкуа азҵаарақәа рыӡбара иацхрааит, аԥсуа-аурыс усеицура арҿиаразы алшара ҿыцқәа аадыртит.
Агәра ганы сыҟоуп иааиуа Ашықәс ҿыц амҩа ҿықәа шаҳзаанартуа, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи ишацхраауа.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, Урыстәылатәи Афедерациа иқәынхо ажәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аҳәоуеиқәшәара, аизҳазыӷьара».