Аицәажәара аартуа Аҟәа ақалақь Ахада ипресс-маҵзура аиҳабы Елана Казанба уахь имҩахыҵыз ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭиртә еиԥш аҭагылазаашьа рылҭеит.
Раԥхьатәи азҵаара, Аҟәа ақалақь ахаҿра аиӷьтәра иазкыз аусмҩаԥгатәқәеи ашықәс ахыркәшара иадҳәалаз азҵаарақәеи ирызкын.
Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Ҭемыр Михаил-иԥа иажәа хациркит ақалақь абиуџьет 2 миллиардк инарыцны ишартәо ала. Уи аҟнытә, ҳазҭало Ашықәс ҿыц азы, акультуа, амедицина, аҵара-ааӡара, аспорт уҳәа русзуҩцәа руалафахәы шышьҭырхыз.
Анаҩс, дазааҭгылеит ҳаҳҭнықалақь ахаҿра аиӷьтәра ихадоу хықәкны ишыҟоу, уи аамҭазы, архитектура ԥсахымкәан, ажәытә ҭоурых хаҿра азныжьны, еиқәырханы аиҭашьақәыргылара ишазхьаԥшуа.
Амшын аԥшаҳәаҿы аиҭакрақәа ирызкны мҽхакы ҭбаала ицо аусурақәа инарымаданы, Ҭемыр Агрба иазгәеиҭеит Аҟәа ақалақь агәаны атротуарқәа, аҩнқәа рфасадқәа, амҩақәа уҳәа реиҭашьақәыргыларақәа ирызку аусмҩаԥгатәқәа рҟны аангылара ргәы ишҭам. Ақалақь егьырҭ акәакьқәа рахьгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара иацырҵоит.
Ақалақь ахаҿра аиӷьтәра, аԥсахра инаваргыланы ихадоу зҵаатәқәаны иҟоуп ауааԥсыра рсоциалтә ԥсҭазаара иадҳәалоу апроблемақәеи ақалақь анхамҩа аусура аиҿкаашьеи.
Уи аганахьала, Ҭемыр Михаил-иԥа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿаԥхьа иқәгылоу, ицәырҵуа азҵаатәқәеи апроблемақәеи шмаҷым. Зегьы иааинырсланы зыӡбара алшо, имариоу ракәым. «Аамҭеи, аџьабааи, ахарџь рацәеи рҭахуп, ҳәарада, урҭ рыӡбара, аха ҳара излаҳалшо ала тәамҩахә ҳамамкәан аус аауеит, иҳавагыло Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба раԥхьа днаргыланы , ақалақь ауааԥсыреи, аҭыԥантәи ҳауаажәлари, ҳҩызцәа, Аԥсны анҭыҵынтәи уҳәа ацхыраара ҳазҭо абизнесменцәа маҷҩым. Хаҭала, аплитақәа амҩа нымҩахыҵ иқәаҳҵо, аиҳарак ҳамҭас иҳарҭаз ауп, иҟоуп уи ақәҵарагьы зхахьы иганы зегь рыла ҳзырманшәалогьы», - иҳәеит уи.
Аҩнаҵаҟа иҟоу апроблема, аӡы зҵоу аҩнеихагылақәа ррыцқьара, урҭ рырбара уҳәа рганахьала ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо Ҭемыр Агрба иҳәеит 80 % аҩнеихагылақәа рҟны ари апроблема шыҟоу, ироуз арзаҳалқәа инарықәыршәаны аҩнеихагылақәа 20 рҟны аусурақәа шымҩаԥыргахьоу. Уажәы атехникатә машьына – хаҭала, аҩнаҵаҟақәа ррыцқьара, рырбара иазку амашьына ҳамҭас ишрырҭо ала рҩызцәа абизнесуаа ишақәдыргәыӷыз азгәаҭо, анаҩстәи алифтқәа реиҭашьақәыргылара иазкыз азҵаара аҭак аҟаҵарахь диасит.
«200 лифт инарзынаԥшуа, ҿыц, шьаҭанкыла зыԥсахра аҭаху ыҟоуп ақалақь аҟны. Уи ахарџь рацәа аҭахуп, макьана ҳара ҳамала ҳамч ақәхоны иҟам. Аԥхьаҟа ари азҵаара аӡбара ҳгәы иҭоуп, хымԥада, изныкымкәангьы ишьҭаҳххьеит. Уажәазы, аус зуа алифтқәа лассы-лассы иԥхасҭахоит, урҭ рахьтә иҟоуп иуашәшәырақәоугьы, зыԥсахра алыршахаз инарҷыданы, Алифттә нхамҩа аус ауеит, уи инанагӡоит алифт аиҭашьақәыргыларатә усурақәа.
Ауаажәларратә транспорт ахархәара аганахьала ақалақь ауааԥсыра рҭагылазаашьа аиӷьтәра иадҳәалаз азҵаара аҭак ҟаҵо, Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Ҭемыр Агрба иазгәеиҭеит атроллеибусқәа 10 ҳамҭас Санкт-Петербург ақалақь анапхгара ишҳарҭаз.
«Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны атроллеибусқәа Аԥсныҟа раагара залмыршахеит. Урҭ арахь раагаразы иахәҭоу ашәҟәқәа анеиқәыршәахалак ашьҭахь, 2026-тәи ҳазҭало Ашықәс ҿыц ианвар – февраль мзақәа рзы иаагахоит. Уажәазы ҩ-троллеибуски «ацхыраара ласы» амашьынеи Санкт-Петербургнтәи амҩа иқәуп, урҭ Ашықәс ҿыц аҟынӡа иҳауеит» , – иҳәеит уи.
Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы ицәажәараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит, атроллеибусқәа уажәы изланыҟәо ацәаҳәа ҿыц ауадаҩрақәа шацу, Ашықәс ҿыц ашьҭахь уаанӡатәи, ажәытә маршрут ахь аиагара ргәы ишҭоу.
«Атроллеибустә нхамҩа акәзар, аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, аиҭарҿыцра хымԥадатәины ҳҿаԥхьа ишьҭоуп. Уи шьаҭанкыла зегьы аиҭарҿыцра ахарџь рацәа аҭахуп аҟынтә, ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп ари апроблема аӡбаразы хәҭа-хәҭала аусурақәа рымҩаԥгара.
Хаҭала, автобусқәа рхыԥхьаӡара наӡоит 64 рҟынӡа. Урҭ рахьтә 22 ақалақь аҩнуҵҟа аус руеит, егьырҭ араионқәа рахь ауаа мҩаныргоит. Ҳәарада, уаҟагьы ауадаҩрақәа ҳԥылоит, автобусқәа ҿыцым, лассы-лассы иԥхасҭахоит, еиҭашьақәҳаргылоит. Автобус ҿыц 5-6 миллион мааҭ иаԥсоуп аҟнытә, урҭ рыԥсахразы уажәазы Аҟәа ақалақь Ахадара алшара амаӡам.
Ҷыдала, амаршруттә таксиқәа рҭагылазаашьа, урҭ ирзыԥҵәоу аусура аамҭа ашьақәыргылареи иара убас, амаршруттә таксиқәеи автобусқәеи рныҟәцаҩцәа шьоукы-шьоукы рхымҩаԥгашьеи, урҭ рахьтә «зхы зтәымкәан» амашьына ныҟәызцо, арыжәтә здызкыло уҳәа ирызкны апресс-конференциа аҟны Ҭемыр Агрба ажурналистцәа ирҭаз азҵаарақәа рҭак ҟаҵо иҳәеит, амаршруттә таксиқәа зегьы ауааԥсыра рхатә машьынақәа шракәу. Урҭ амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәа ауалафахәы ироуа амаҷра иахҟьаны аԥхынтәи асезон азы даҽаџьара аусура ишцо, аус зуа рхыԥхьаӡара шмаҷхо. Аграфик, аусура аамҭа шышьақәгылоу азгәаҭо, уи иҳәеит ари азҵаатәы аганахьала ауадаҩрақәа шыҟоу, аха аӡбара рыҽшазыршәо.
Ауааԥсыра рымҩангаразы агәаҭарақәа ирыхзыжьуа, алицензақәагьы рызҭо Аҟәа ақалақь Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аҩнуҵҟатәи аусқәа Аҟәатәи ақалақьтә усбарҭеи русзуҩцәа шракәу дазааҭгыло, амаршруттә таксиқәа рҭагылазаашьеи, урҭ ауааԥсыра рымҩангаразы иаԥҵоу аԥҟарақәа иахьрықәымшәои, дара амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәа рхымҩаԥгашьеи рзы аҭакԥхықәра здугьы дара шракәу даҩымсит.
Агәам-сам аус адуларазы Гәылрыԥшь иргылоу ахархәара шыҟоу аилкаара иазкыз азҵаара аҭак ҟаҵо, Ҭемыр Агрба иазгәеиҭеит, 2024 шықәсазы ари аобиект аргылара шхдыркәшаз. Аха уиижьҭеи Аҟәа ақалақь аҟны агәам-сам ҩынтәны ишеиҳахахьоу. Убри аҟнытә, Гәылрыԥшьтәи агәам-самеизгарҭа уи араион мацара ауп изызхо. Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони ргәам-сам Галтәи агәам-сам кажьырҭа ахь ишырго. Хаҭала, Аҟәа ақалақь аҟны агәам-сам каԥсарҭа аҭыԥ аԥшаара ауадаҩра ацуп, уи акырынтә ишьҭырххьоу, излацәажәахьоу акоуп, аха макьаназ иӡбам иҳәеит уи.
Ирацәан апресс-конференциа аҟны иқәыргылази зҭак ҟаҵази азҵаарақәа: аӡы, афымцалашара, амҩақәа реиҭашьақәыргылара, амшцәгьа бааԥсқәа ирхылҿиаауа аԥхасҭа, аибашьраан ааха зауз Аԥсны аиҳабыра Рыҩны алахьынҵа, уҳәа ақалақь ахаҿра аиӷьтәра инаваргыланы ауааԥсыра рсоциалтә зҵаатәқәеи ақалақь анхамҩа аусура аиҿкаашьеи зныԥшуаз.
Апресс-конференциа ахыркәшамҭаз, уахь имҩахыҵыз ажурналистцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Ҭемыр Агрба. Ажрналистцәа ракәзар, рызҵаарақәа харҭәааны рҭакқәа ахьыҟаиҵаз агәахәара шырнаҭаз рҳәеит.
Алиса Гәажәԥҳа