Print this page

Акультура-усуратә платформа «Гәыма»аҿы имҩаԥысит ашықәс ҿыцазтәи акциа «Ашанаҵла-2025» афиналтә усмҩаԥгатә

Ԥхынкәын 24, 2025 12

Агәыҳалалратә фондқәа «Ашанеи» «Кьарази» хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа ззыԥшыз аҳамҭақәа роуит, урҭ ранаршьеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба , афонд «Ашана» аԥҵаҩы Беслан Шьакаиа.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба афондқәа рхаҭарнакцәа рџьабаазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит:

«Афондқәа "Ашанеи" "Кьарази" рхаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп имҩаԥыжәго аусуреи иаашәырԥшуа агәцаракреи рзы. Ари ианакәзаалакгьы аидгылара шаҭаху аазырԥшуа ҿырԥштәы бзиоуп.Шәара есыҽны аус жәуеит ҳхәыҷқәа рыԥсҭазаара еиҳа илашахарц азы», - иҳәеит иара.

Аслан Џьынџьал, Вильсон Каленџьиан, Сабина Кәыҵниа, Баҭал Сыҷынаа атәыла ахада Бадра Гәынба иԥылара рҭахын, урҭ ргәазыҳәара нагӡахеит, атәыла анапхгара ахәыҷқәа ирырҭеит аҳамҭақәа.

Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа ахәыҷқәа руаӡәк ачамгәыр ҳамҭас ииҭеит. Иагьазгәеиҭеит ари амузыкатә инструмент аԥсуа традициақәеи аҵасқәеи ирсимволны ишыҟоу.

Аӡӷаб хәыҷы Лиза Бигәаа илҭахын Беслан Бигәаа диабадырырц, уи лаб ахада ихыҭыԥуаҩ дихьӡылоуп, лгәаҳәарагьы нагӡан.

Акциа хыркәшахеит Аҵаа Бабадуцәеи Асҭыԥҳацәеи рыла иҭәыз аныҳәатә дәыӷба аарала, урҭ аниматорцәа рыцын, аусмҩаԥгатә ахәыҷқәа ирзаанагеит агәалаҟазаара бзиа.