Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа!
Аенергетика ҳтәылаҿы ихадоу, астратегиатә ҟазшьа змоу аусхкқәа иреиуоуп. Шәусура иалҵшәоуп иҭышәытәаланы аекономикеи асоциал усҳәарҭақәеи русура, ҩныцыԥхьаӡа, ҭаацәарацыԥхьаӡа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара. Есыҽнытәи шәџьабаа иалҵшәоуп иҳамоу алашара.
Ԥсшьара ҟамҵаӡакәа есымша аус жәуеит, иазгәасҭоит шәусура шеиԥымҟьо ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа рҿгьы. Шәара ишәымоу ахамеигӡараз, иҳараку азанааҭдырраз, аҭакԥхықәра ду зцу шәусураз ҭабуп ҳҳәоит. Шәара шәыбзоурала ареспублика аенергетикатә система иаҳа-иаҳа еиӷьхоит, имаҷхоит алашара арцәара.
Гәыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ламысцқьала шәусуреи, шәлагала дуӡӡеи рзы. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзеира, агәамч, аизҳазыӷьара, ҭаацәарацыԥхьаӡа аҭынчреи аҭышәынтәалареи!
Шәадныҳәалаз шәзанааҭтә ныҳәа, акыр иаԥсоу аенергетикцәа!»