Сара издыруеит ажурналистцәа русура аҭакҧхықәра ду шацу, дара рдыррақәа шыҵаулоу, еснагь иҿыцу акы рнапы шалаку, еиуеиԥшым атемақәа рылацәажәара шрылшо. Еиҳарак сара сҭаацәараҿы «Шьыжьыбзиа, Аҧсынтәыла!» адырраҭара ауп ҳазхәаҧшуа. Уи шьыжьнаҵы ауаҩы игәалаҟазаара шьҭнахуеит, алахҿыхра инаҭоит. Ари адырраҭараҿы сара ҷыдала исгәаҧхоит ажурналистцәа рҟазшьа, раҧсуара, рхымҩаҧгашьа, рдыррақәа рыҩаӡара. Сара еиҳарак далыскаауеит ажурналист Афина Ажьиҧҳа, исгәаҧхоит лара лызҵаараа ҭишьа. Уи ацәажәара акультура ҳаракы лымоуп, ҭеиҭыҧшла еснагь деиҿкаауп, имҩаҧылго аиҿцәажәарақәа аинтерес рыҵоуп. Иара убас, ҳмилаҭтә телехәаҧшра инаҷыдангьы, сара азҿлымҳара асҭоит аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа рдырраҭарақәа. Еиҳаракгьы сахәаҧшуеит аурыс журналистцәа русушьа. Далыскаауеит ажурналист Павел Зарубин. Иара ижурналисттә баҩхатәра ҳаракуп, иусураҿы азнеишьа ҷыда имоуп, даҽаӡәы дилазмырҩашьо аҟазшьақәа ааирҧшуеит. Ибаҩхатәра ҳаракы саламцәажәар ауам иара убас, ателеканал «Раша Тудеи» ажурналист Мурат Гадзиев, уи идырраҭарақәа аурыс бызшәеи англыз бызшәеи рыла имҩаҧигоит, еиҳаракгьы ажәабжьқәа роуп аус здиуло. Иара иаарццакны, ахаҭабзиара ҳаракны аинформациа ауаа рызнагара иҽақәиршәоит, идыррақәа даараӡа иҳаракуп.
Сызҿыҧшуа ажурналистцәа маҷым, саргьы исҭахуп ари азанааҭ ахь сшьаҿа еихызгарц, ари ахырхарҭаҿ алҵшәа бзиақәа аасырҧшларц, сзанааҭ бзианы издыруа сҟаларц. Ажурналистика аҵакы хада салацәажәарц сҭахуп англыз журналист Ребекка Уест лажәақәа рыла. Лара илҳәон абас: «Иҭацәу адаҟьақәа рхарҭәаара ҟазарыла зҽазызшәо иоуп ажурналист» ҳәа. Абри ахшыҩзцара сара даараӡа сархәыцит, исҭаххеит саргьы иҿыцу акы аҭҵаара, иҩым адаҟьақәа раартра, уи азы иалысхит ажурналист изанааҭ. Агәыӷра сымоуп ари аус бзиа ибаны гәыблыла снапы аласкып ҳәа.
Самиа Барцыцԥҳа,
Дәрыҧшьтәи абжьаратә школ
а-11-тәи акласс аҵаҩы