Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Иван Ҭарба ианеишьеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы

Ԥхынкәын 15, 2025 19

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба акыршықәсатәи аҭҵаара-рҵаҩратә усураҿы злагала рацәо, ззанааҭдырра ҳараку аспециалистцәа азыҟазҵахьо, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилософиеи акультурологиеи ркафедра аиҳабы Иван Дорофеи-иԥа Ҭарба «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.