Print this page

Атәыла анапхгара Гәдоуҭа ақалақь аҿы Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Ԥхынкәын 14, 2025 27

Алахьеиқәҵаратә церемониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Аԥсны анапхгара, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз руацәеи рҭынхацәеи, ашколхәыҷқәа, араионқәа рҟынтәи ауааԥсыра.

Ԥхынҷкәынмза 14, 1992 шықәсазы ашьха қыҭа Лаҭа иахыԥраауаз, агуманитартә реис мҩаԥызгоз, Урыстәылатәи ар рвертолиот карыжьит, уи аблокада иҭакыз Тҟәарчалнтәи Гәдоуҭаҟа иԥыруан. Иҭахеит 85-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп - 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәазтәымыз аҳәса.