Урыстәылатәи ажәлари шәареи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш!
Урыстәыла аҭоурых аҿы азакәан хада адкылара ихадоу хҭысны иҟалеит, уи иӷәӷәоу, идемократиатәу аҳәынҭқарра аҿиара астратегиатә мҩа ҳәаақәнаҵеит.
Урыстәылатәи Афедерациа аконституциа ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи ахьчоит, милаҭрацәала еилоу атәыла ду акзаареи аҭышәынтәалареи иуасхыр ӷәӷәаны ирзыҟоуп.
Арҭ апринципқәа ирыбзоураны Урыстәыла аҿиара иаҿуп, аҳәынҭқарратә мчхареи, аекономикатәи адоуҳатәи шьаҭақәеи арӷәӷәоит, уа иқәынхо ажәлар аиҩызареи апатуеиқәҵареи рыманы, рытрадициақәа еиқәырханы аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи рыманы инхоит.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, милаҭрацәала еилоу Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар рымаҵ аураҿы ақәҿиара дуқәа, Урыстәыла иқәынхо ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аманшәалара, аҿиара!»