Print this page

Аԥсны Жәлар Реизараҿы имҩаԥысит аилатәара

Ԥхынкәын 10, 2025 28

Уаҟа иалацәажәеит азакәан «Еиҭамҵуа амал акадастр» аԥсахрақәа ралагалара. Уи азинмчра аиура аанкылоуп ԥхынгәымза 1, 2027 шықәсанӡа.


Аилыркаагатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп, иалагалоу аиҭакрақәа шьаҿа-шьаҿала аларҵәаразы ишеиқәыршәоу, уи еиҭамҵуа амал аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара аусхкы ҳәаақәнаҵоит.

Аԥшьгаҩцәа ргәаанагарала аинфраструктуреи амчратә усбарҭақәеи разырхиара аамҭа аҭахуп. Уажәы иахәҭоу азанкәан ахәҭаҷқәа агуп , иҿыцу акадастртә закәанԥҵара аус аурц азы иаку аинформациатә система аԥҵара хымԥадатәиуп.