Print this page

Ааҩык аӡхәыҵалаҩцәа Аҟәа аӡымҽхак аҿы аԥшаарақәа мҩаԥыргоит

Ԥхынкәын 10, 2025 16

Иахьа ашьжьымҭан, ГИМС аусзуҩцәа Аҟәатәи абаӷәазаҿы аԥшааратә усурақәа еиҭахацдыркит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

«Аԥшааратә усурақәа ирылахәуп иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистрра аусзуҩцәеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ашәарҭадаразы Афедералтә Маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи, аҳҭнықалақьтәи адайвинг-клуби », – ҳәа азгәеиҭеит Делибалтиан.

Аусурақәа рымҩаԥысшьа иацклаԥшуеит аԥыза-министр Владимир Делбеи Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрбеи.

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла аӡхәыҵалаҩцәа зышьҭоу Важа Зарандиа иоуп. Уи ҽынла амшын аҿы иҽикәабон, аха аҩныҟа дыхнымҳәит. Имаҭәақәа аҟәараҿы иаанхеит.

Важа Зарандиа – Аԥсны Аминистрцәа рхеилак хантәаҩыс дыҟан, аамҭак азы Гал араион деиҳабын.