Print this page

Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак алахәыла Абзагә Ҵәыџьба Ҟарачы-Черкесстәи ареспубликаҿы Урыстәылатәи апремиа «Адырра Апремиа» арегионалтә етап аҿы аиааира игеит

Ԥхынкәын 09, 2025 22

Уи ирккаратә проект «Аетнокультуратә ҵараиура: амилаҭ рацәа ахьыҟо Урыстәыла атрадициақәа реиқәырхара», аноминациа «Арккаратә проект» аҿы иреиӷьу ҳәа иалкаан, иара убас арегионалтә ԥхьахәгьы аиуит.

Апроект иаконцепциоуп абызшәеи акультуреи рбеиара аҵарадырра асистема аларҵәара.

«Иалкаан ҭабуп ҳәа иасҳәоит Урыстәылатәи аилазаара афилиал «Адырра» аиҳабы Артур Ҳалис-иԥа Болатов. Сара агәра ганы сыҟоуп, абас еиԥш иҟоу апроектқәа рынагӡара Мусса Ҳабал-иԥа Егзакь напхгара зиҭо «Алашара» еиԥш иҟоу апрофессионалтә еилазаарақәа русеицура иабзоураны ишалыршахо» - инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

«Адырра. Апремиа» — 2021 шықәсазы Урыстәылатәи аилазаара «Адырра» еиҿнакааз, арҵаҩцәа, алекторцәа рлагала азхаҵаразы ихадоу рккаратә ҳамҭоуп.