Print this page

Гәылрыԥшь араион ахадара иҷыдоу арратә операциа алахәылацәеи Донбасс ауааԥсыраи рзы агуманитартә еидара дәықәнаҵеит

Ԥхынкәын 09, 2025 16

Агуманитартә еидараҿы ацитрустә шәырқәа ыҟоуп.

Аҭыԥантәи ацитрустә шәырқәа еилԥшааны, амҩа хара иԥхасҭанамтәыртә еиԥш идәықәҵан.

«Ари иуадаҩу аҭагылазаашьа иақәшәази атыл аҿы иҟоуи рзы иҟаҳҵо цхыраароуп», – ҳәа азгәеиҭеит Гәылрыԥшь араион ахадара ахаҭарнак.

Агуманитартә цхраара дәықәҵоуп, хара имгакәагьы аҭыԥ аҿы иҟалоит, уаҟа афатә-ажәтә зҭаху рыбжьара еихшахоит.