Print this page

Сергеи Кириенко иинтервиу аҟнытә

Ԥхынкәын 05, 2025 32

Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа Анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко аинервиу аҟны инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба хаҭалатәи изанааҭтәи ҟазшьақәа.

Владислав Арӡынба – Аԥсны дапатриотҵәҟьоуп
«Уи иԥсҭазаара Аԥсны иахҭниҵеит. Еснагь ӷәӷәала ихьчон Аԥсны аинтересқәа, аха иара убри аамҭазыУрыстәыла даҩыза иашаҵәҟьан, ҳтәылақәа рыбжьара стратегиала аешьаратә еиҩызара дадгылаҩыҵәҟьан», – иазгәеиҭеит Кириенко.
Анаҩс, Кириенко дрылацәажәеит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иҿцәажәара хаҭала инаҭаз агәахәарақәа, иазгәеиҭеит уи хаҭалатәи иҟазшьақәа ирымаз аҷыдара, убарҭ ирыбзоураны уи даҽаӡәы иламҩашьо политикны дшышьақәгылоз.
«Владислав Григори-иԥа аҩбатәи амш имамызт. Уи даара дымҽыӷхар ауан, аха дагьаартын. Акы игәамԥхозар, дзақәшаҳаҭмызт иҳәон. Имҽыӷу апозициа ааникылозаргьы, ус зыҟаиҵоз ҷыдарақәак рыман. Иҳәон игәамԥхаз зигәамԥхаз. Иҟамызт аинтрига», – иҳәеит Кириенко.

Ахәыҷра шықәсқәа ргәалашәарақәа
Сергеи Кириенко ихәыҷра шықәсқәа рзтәи игәалашәарақәа аԥсуа журналистцәа ирзеиҭеиҳәеит.
Иахьатәи Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал ахыбраҿы уаанӡа акоммуналтә уаҭахқәа ыҟан, уаҟа дынхон Кириенко иан. Уи аҿаԥхьа, ҳаԥхьаҟа Амилаҭтә музыка аҩны ҟалараны иахьыҟоу ахыбраҿы инхон иаби иабдуи. Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, иабду иҩны еиҭашьақәиргыларц иҭахижьҭеи крааҵуан.
«Саанызкылоз акакәын. Раҧхьа иргылан — Урыстәылатәи ачынуаҩ Аҟәа агәҭаны, иреиӷьӡоу аҭыԥ аҟны аҩны изгылазар ишҧаҟало ҳәа схаҿы иаазгон. Уи адагьы, жәеиза мзы рыҩнуҵҟа зышә ыҵхаа иаркыз ҩнны иҟалон», — иҳәеит Сергеи Кириенко, ателеканал Абаза ТВ-и Аԥсуа телехәаԥшреи аинтервиу рыҭо.
Мшаԥымзазы Кириенко Хәаԥ, Арухаа рҭаацәара данырҭаа ашьҭахь иӡбеит, иара иҭаацәа ахьынхоз аҩны Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа Аҳәынҭқарратә оркестр иаиҭарц.
«Сгәанала, схәыҷра шықәсқәа раан ишыҟаз еиԥш, ари аҩны уааԥсырала иҭәыр, ахәыҷқәа рыччабжь ҩныҩлар, еиҳау насыԥхоит», — иҳәеит иара.

Азакәанԥҵара еиларгеит
Аԥсны аҵакыраҟны аус зуаз аполиттехнологцәа ареспублика азакәанԥҵара еиларгеит ҳәа иԥхьаӡоит Сергеи Кириенко.
«Дара Аԥсны азакәанԥҵара, иара убас, Аԥсны рыҟазаара иадҳәалоу аморал-етикатә ԥҟарақәа еиларгеит. Убри аҟнытә, сгәанала, урҭ азакәанеилагаразы рҭакԥхықәра ахьынӡаҟоу аусеилыргареи аӡбарҭеи иҳәаақәырҵароуп», — иазгәеиҭеит иара.
Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ даҽа ганкахьала азакәанеилагаҩцәа рганахьала ақәымчра ҟалашьа змам акоуп ҳәа ахиҳәааит.
«Урыстәыла еснагь ртәылауаа рзинқәа ахьчалоит. Убри аҟнытә, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рганахь ақәымчра ҟазҵо зегьы Урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны иахьырхәхоит», — иҳәеит Сергеи Кириенко, ателеканал Абаза ТВ-и Аԥсуа телехәаԥшреи аинтервиу анриҭоз.

Урыстәыла иаҿагыло агәаанагарақәа ыҟаӡам
Аԥсны Урыстәыла иаҿагыло агәаанагарақәа ыҟаӡам, – абас иҳәеит Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
«Аԥсны ауаажәлар рыбжьара Урыстәыла иаҿагыло агәаанагарақәа ыҟаӡам ҳәа исыԥхьаӡоит. Ус, Урыстәыла бзиа изымбо, изҭахым аӡәык-ҩыџьак ыҟазар алшоит, аха урҭ рацәаҩым», — иҳәеит иара.

Афымцамч аҿиара
Аԥсназы аенергетика аҿиара акыр аҵанакуеит, ари ахырхарҭала инагӡатәу аусқәа рацәоуп ҳәа иԥхьаӡоит Сергеи Кириенко.
Афымцаҳақәа реиҭарҿыцреи афымцаԥхьаӡагақәа рықәыргылареи шьаҿа ӷәӷәоуп ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ.
Алҵшәа бзиақәа ҟалар алшоит Аԥсни Урыстәылеи ренергетикцәа русеицура иабзоураны, – иҳәеит Кириенко. Иахьатәи аамҭазы афымцамч ареспублика иазхоит, алашара ыцәозар, уи иажәыз афымцамҩангагақәа ирыхҟьоит ауп.
Ателеканал Абаза ТВ-и Аԥсуа телехәаԥшреи аинтервиу рыҭо Кириенко иҳәеит, хархәаҩцәақәак шықәсы рацәала афымцамч ахә шырымшәо, уи аидара ламысла афымца ахә зшәо ишрықәҵатәым.

Ааԥын аахыс
Аԥсны ахашәалахәы ааԥын аахыс 28% рыла еизҳаит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
«Ари аамҭа кьаҿ иалагӡаны даара акыр зҵазкуа еизҳароуп. Уи аан, ашәахтәқәа реизгара миллиардк инеиҳахеит, абиуџьет ахарҭәаара шьҭыҵит, аҳазалхратә шәарақәа реизгарагьы 250 миллион инарыцлеит», — иҳәеит иара.
Кириенко иазгәеиҭеит, Аԥсны ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа Урыстәылаҟа рдәықәҵара амҽхак шышьҭыҵыз, уи аан, аиҭакрақәа шыҟоугьы, ари ахырхарҭала иҵегьы аусура шаҭаху.
Уи адагьы, ԥхынҷкәын 1 азы иҟоу адыррақәа рыла, Аԥсны иаҭааит 1,6 миллионҩык атуристцәа, – иҳәеит Сергеи Кириенко, ателеканал Абаза ТВ-и Аԥсуа телехәаԥшреи аинтервиу анарҭоз.

Асериалқәа ҩба ҭыххоит
2026 шықәсазы Аԥсны асериалқәа ҩба ҭыххоит Урыстәылатәи аинтернет аҿиара аинститут ацхыраарала. Абри атәы еиҭеиҳәеит Сергеи Кириенко, ателеканал Абаза ТВ-и Аԥсуа телехәаԥшреи ириҭаз аинтервиу аҟны.
Иара иажәақәа рыла, ареспублика аӡбахә еиҭазҳәо асценариқәа зыҩуаз аԥсуа ҟазауаа роуп.
Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы Урыстәылатәи акино аҿы Аԥсны рацәак ишаарԥшым.
«Абраҟа Латинтәи Америкеи, Алада-Мрагылара Азиеи, Франциеи ма Италиеи рыԥшаҳәақәа рҭыхра рылшоит, даҽакала иуҳәозар, Аԥсны асахьақәа ыҟоуп, аха урҭ Аԥсны ракәӡам, Аԥсны акәны иҟалароуп. Урҭ Аԥсны аԥшӡара ҿырԥшыс рхы иадырхәоит, аха уи ииашаӡам, аригьы атуристцәа радԥхьаларазы мҩа ҿыцуп», — иҳәеит иара.

Аԥсуа економика
ԥхьаҟа изго
Сергеи Кириенко аԥсуа економика ԥхьаҟа изго ақыҭанхамҩеи атуризми роуп ҳәа иҳәеит.
Ателеканал Абаза ТВ-и Аԥсуа телехәаԥшреи ириҭаз аинтервиу аҟны иара иҳәеит, ареспубликаҿы ааглыхра хьанҭа аԥеиԥш змоу акакәны ишимбо.
«Аԥсабара цқьа аԥхасҭатәра ҟалаӡом, насгьы урҭ ааглыхрақәа араҟа раԥҵара уадаҩуп», — изгәеиҭеит Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ.
Кириенко игәаанагарала, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа мраҭашәаратәи излаҵахо ҳәа акгьы ыҟам. Уи адагьы, атуризм амшыни аԥхыни рыла инымҵәозар ауп.
Уи азы Урыстәыла ареспублика атранспорти, егьырҭ аинфраструктурақәеи рыҿиаразы ацхыраара анаҭоит, еиуеиԥшым апроектқәа рынагӡаразы, иара убас агастрофестивальқәа рымҩаԥгареи, «Аԥсны аҳәаа», «Зысасгәашә аарту Аԥсны» реиҿкаареи рзы.

Ҿҳәара змам аиҩызара
Урыстәыла иаҭахуп Аԥсни, аԥсуа жәлари иареи акыраамҭатәи аиҩызареи астратегиатә партниорреи рыбжьазарц, – абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Сергеи Кириенко.
«Уи иааиуа алхрақәа рылҵшәақәа ирыхьԥшымзарц сҭахуп», — иҳәеит иара, ателеканал Абаза ТВ-и Аԥсуа телехәаԥшреи ириҭаз аинтервиу аҟны.
Даҽа хықәкуп ихьыԥшым аԥсуа економика, – иҳәеит Кириенко.
Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, урҭ ахырхарҭақәа Владимир Путин ишьақәиргылеит, уажәы урҭ рынагӡаразы аусурақәа цоит.