Print this page

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рделегациа идикылеит

Ԥхынкәын 04, 2025 10

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа анапхгаҩ ҿыц Иавуз Аҭрышба зхадараҿы дыҟаз Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рделегациа идикылеит.

«Ҳара даара гәахәарыла иҳадаҳкылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра шәахьаҭааз.

Иавуз Аҭрышба идысныҳәалар сҭахуп аԥсуа культуратә дернеқьқәа рфедерациа хантәаҩыс дахьалырхыз. Иавуз Аҭрышба аибашьра аамҭа уадаҩ аан ижәлар рыгәҭа дгылан, агәра ганы сыҟоуп, иахьагьы адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара рӷәӷәауа афедерациа иахәҭоу ала напхгара шаиҭо», – иҳәеит аминистр.