Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу аофицерцәа, аветеранцәа, аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа!
Ишәыдысныҳәалоит Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура аԥҵара амш. Ари акрызҵазкуа аҳәынҭқарратә усбарҭа аԥҵан ԥхынҷкәынмза 4, 1992 шықәсазы Иреиҳаӡоу асовет ақәҵарала, инапы аҵаиҩит Владислав Арӡынба.
Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура ареспублика ашәарҭадаратә системаҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. Шәара ламысцқьала, ҭакԥхықәрала аус жәуеит, ҳтәылауаа рҳәынҭқарратә зинқәа шәыхьчоит, аконституциатә шьақәгылара шәырӷәӷәоит, ҩаӡара ҳаракыла шәыԥсадгьыл аҿаԥхьа шәуалԥшьа нашәыгӡоит.
Иалкаан иҭабуп ҳәа расҳәоит амаҵзура ахыҵхырҭаҿы игылаз аветеранцәа, урҭ иахьа хәы змаӡам рԥышәеи рдырреи аусзуҩцәа ҿарацәа ирымырдоит.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ачҳара, агәамч, шәҭаацәарақәа рҿы аманшәалара. Ихадоу, аҭакԥхықәра ду зцу шәусуразы есымша ажәлар аџьшьара шәырҭалааит. Ҽаанбзиала!»