▫️ Бадра Гәынба даҽазныкгьы ажәлар рыхьӡала Иауз Аҭрышба идиныҳәалеит ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ирҭаз агәрагара.
▫️ «Шәара раҧхьа иргылан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ветеранк иаҳасабала. Аҧсны ашәарҭара ианҭагылаз шәашьцәа шәрывагыланы шәыҧсадгьыл аз шәеибашьуан. Агәра ганы сыҟоуп иахьа шәнапы ианырҵаз аусгьы абас ҭакҧхықәра ҳаракыла шәшазнеиуа»,- иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.
▫️ Бадра Гәынба иҳәеит афедерациа ахантәаҩы даналырхуаз аҽны ҭелла дышлацәажәаз ахадарахьы зкандидатура ықәгылаз Елиф Маршьанҧҳагьы.
▫️ «Лара иласҳәеит, уажәгьы еиҭасҳәоит-араҟа дыҟам иаиааиз, мамзаргьы иаҵахаз. Ҳаззегь ҳажәҩахыр еибыҭаны аус еицаҳуроуп ҳауаажәлари ҳаҧсадгьыли рзы ихадоу аусқәа рзы, - азгәеиҭеит Ахада.
▫️ Иауз Аҭрышба Аҧсны Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит адныҳәаларазы, иазгәеиҭеит ивагылоу иҩызцәеи иареи еснагь Аҧсны ҧхьаҟа изго аусқәа рҿы Аҳәынҭқарра Ахада ишивагылоу.
▫️ Аиҧылараҿы ирзааҭгылан Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәеи Аҧсныи реимадара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.