Аилагаҩцәа Аԥсны азакәанԥҵара ишаҳәо еиԥш аус иақәыршәахоит.
Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә еилакы ԥхынҷкәынмза 1 инаркны 31-нӡа, хымш рахьтә знык, Аԥсныҟа иаагоу аԥсаӡқәеи аԥсагәқәеи ирызку адыррақәа ҟанаҵалароуп атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь. Иара убас, арҭ атауарқәа Аԥснынтәи иахызгаз ирызку адыррақәагьы ҟаҵалатәуп.
Аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа, аҭыԥантәи аусбарҭақәа, аунитартә наплакқәа, егьырҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәа ирабжьгоуп ашықәс ҿыцтәи аныҳәа амҩаԥгаразы зыԥсы ҭам аԥсаӡқәа рырхиара.
Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра рыдҵоуп абнатә нхамҩа аҳәынҭқарратә усбарҭеи, аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилаки, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи.