Print this page

Арратә операциа ҷыдаҿы иҭахаз, Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Гәырген Григориан аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит

Ԥхынкәын 02, 2025 10

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Гәырген Григориан аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара мҩаԥысуан Гәылрыԥшь араион, Ԥарнаут ақыҭан.

Алахьеиқәҵаратә церемониа иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа, Гәылрыԥшь араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Саид Ҳаразиа.

Атәыла анапхгара иҭахаз иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула ирыдышшылеит.