Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аенергетика аминистр Баҭал Мышәба, Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак, Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аилатәараҿы иалацәажәеит Аԥсны афымцамч аиқәыршәареи афымцатә цәаҳәақәа рырҿыцреи рзы ихадоу азҵаарақәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ареспублика аенергетикатә система аҭышәынтәалареи аеффективреи рзы аусеицура.
Урыстәылатәи Афедерациа ари аус аҿы адгылара ҟанаҵоит.