«Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит шықәсырацәалатәи ҳусеицура шьаҭас измоу ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа. Агәра ганы сыҟоуп, абас еиԥш иҟоу аусеицура, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы иҿыцу аимпульс аҭара шалнаршо», – ҳәа иҳәеит Делба.
Башкортосҭан ареспублика аԥыза-министр Андреи Назаров иҳәеит иахьа знапы аҵарыҩраны иҟоу аиқәышаҳаҭра 29 пункт шарбоу, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аинфраструктуратә проектқәа адгылара рыҭара, Диоскуриа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларагьы уахь иналаҵаны.
«Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара знапы иану ҳреиуоуп. Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп аиашьаратә республика аҿиара аус аҿы ҳлагала ахьыҟаҳҵо», – иҳәеит Назаров.
* * *
Аԥсни Башкортосҭани 2025-2030 шықәсқәа рзы русеицура аҳәаақәа рырҭбааразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит аԥыза-министрцәа Владимир Делбеи Андреи Назарови.
Ахәаахәҭра-економика, ааглыхра, аргылара, аҵарадырра, аспорт, акультура, амасса-информациатә хархәагақәа, агәабзиарахьчара, аветеринариа уҳәа ахырхарҭақәа жәпакы рҿы аусеицура аҳәаақәы дырҭбаарц ргәы иҭоуп ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.