Print this page

Афедерациақәа рнапхгаҩцәа дырԥылеит

Абҵара 27, 2025 9

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба адомино азы жәларбжьаратәи афедерациақәа рнапхгаҩцәа дырԥылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.


Адомино азы жәларбжьаратәи афедерациақәа рнапхгаҩцәа Аԥсныҟа иааит Аԥсны адомино азы Афедерациа ахада Артур Габуниа игәалашәара иазку иаарту Жәларбжьаратәи аицлабра аҽалархәразы. Аицлабра мҩаԥысит абҵарамза 21 инаркны 24 –нӡа Афон Ҿыц.
Аиԥылара иалахәын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, Аԥсны адомино азы Афедерациа ахантәаҩы Ҭемыр Лакербаиа, Артур Габниа игәалашәара иазку Афонд ахантәаҩы Алмас Габуниа.

«Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит! Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны адомино азы Афедерациа раԥхьатәи ахада — адомино азы Афедерациа аԥҵара ахыҵхырҭақәа рҟны игылаз Габуниа Артур Махаз-иԥа игәалашәара иазку иаарту Жәларбжьаратәи аицлабра. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари ауаҩи ҳтәылеи рганахьала иаашәырԥшуа аҳаҭырқәҵаразы!» — иҳәеит Бадра Гәынба. Аҳәынҭқарра Ахада 2027 шықәсазы Аԥсны адомино азы аицлабра амҩаԥгара ишазхиоу азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

«2011 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысыз адомино азы адунеи ачемпионат ҳазгәдууп. Ари ҳара ҳзы акрызҵазкуа хҭысуп, аиԥылара схы иархәаны, исҳәар сҭахуп, 2027 шықәсазы Аԥсны адомино азы Аицлабра амҩаԥгара ҳшазхиоу», — иҳәеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит аԥсуа команда атәыла ахьӡала иахьықәгылаз ақәҿиарақәа шамоу, иҳараку апрофессионализм шаанарԥшыз.
Асасцәа Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иарҳәеит аԥхарра зҵаз адкылареи Жәларбжьаратәи аицлабра аҽалархәразы ироуз алшареи рзы, Аԥсны аҟазаара дара рзы иамоу аҵак ду азгәаҭаны, ас еиԥш акрызҵазкуа ахҭыс шраҩырмыжьыз азгәарҭеит.
Адомино азы Жәларбжьаратәи афедерациа ахада Мануел Окендо 2011 шықәсазы Аԥсны адомино азы адунеи ачемпионат мҩаԥысижьҭеи 14 шықәса раахыс Аԥсны аҽшеиҭанакыз азгәеиҭеит.

«Сара 14 шықәса раԥхьа Аԥсны ачемпионат аҟны сыҟан, уи аахыс ара зегьы аҽаԥсахит. Избоит аргыларақәа шымҩаԥысуа, зегьы есааира ишеиӷьхо, ари угәы иахәоит», — иҳәеит иара.
Адомино азы Венесуела Афедерациа ахада Ефраин Веласкес иҳәеит Венесуела Ахада Николас Мадуро Бадра Гәынба ихьӡала салам шааиҭиз.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит аибабара, аспорт ала аусеицура аҵак ду шрымоу, урҭ ажәларқәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ишацхраауа.

«Акыр иаԥсоу аҩызцәа, даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасхәоит Аԥсны шәахьаҭааз азы. Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп ҳҩызцәа рҟнытә иҳамоу адгылара. Аспорт ауаа еиднакылоит. Шәара шәеизыҟазаашьақәа ирыҵоу аԥхарра збоит. Ари иахьа, иуадаҩу аамҭазы, ауаа еизааигәанатәуеит. Шәара ишәыбжьоу аизыҟазаашьақәа ажәларқәа рыбжьара ауаатәыҩсатә еимадарақәа рышьақәыргылара алдыршоит. Аԥсныҟа шәаара ҳауаажәлар гәахәарала ирыдыркылоит. Шәара — еиуеиԥшым акультурақәа рхаҭарнакцәа, зхатә хаҿра змоу атрадициақәеи амилаҭқәеи еидызкыло уаауп. Ауадаҩрақәа, аиҿагыларақәеи аполитикатә ԥынгылақәа шыҟоугьы, ауаа еизааигәазтәуа амҩақәа шәыԥшаауеит. Шәеидгылара аҩныҵҟа ихадароу ауаҩытәҩсатә ҟазшьақәа реиқәырхара шәылшоит», — иҳәеит Бадра Гәынба.