Иара убас, иазгәалҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә палатеи дареи аус шеицыруа. Гәыли Кьычба илҳәеит, атәыла аҿиара иадҳәалоу, актуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәаразы апалата алахәылацәеи Ахадеи аиԥылара еицымҩаԥыргарц шырҭаху.
Ари аиԥылараҿы, Ауаажәларратә палата алахәылацәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ареформа рзуразы Аԥсны Ахада иажәалагалақәеи игәаанагарақәеи раҳарц шырҭаху атәы иҳәеит Сократ Џьынџьал.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Ауаажәларратә палата ихадоу уаажәларратә институтны ишиԥхьаӡо, традициала уи иҵоуроу аҭышәынтәаларатә роль шынанагӡо, иазгәеиҭеит активла аусеицура дшазхиоу.