Print this page

Цандрыԥшь иаартхоит аԥсуа школ

Абҵара 24, 2025 14

Аҳәынҭқарра Ахада Цандрыԥшь ашкол арҿыцратә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.

Уи  аԥхьа ашкол ахыбра закәандарала ихатәтәын. Гагра араион ахадара иабзоураны аҳәынҭқаррахь ирхынҳәын.  

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Гагра араион анапхгара ашкол аҳәынҭқаррахь иаднакылаз аӡбамҭа аҵакы, уи иашаны ишыҟаҵаз.

 Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит Гагра араион ахарџьқәа рыла.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Гагра араион афинанстә цхыраара шаҭахо арҿыцратә усурақәеи ашкол аартреи рырццакразы.  

Арҿыцратә усурақәа рхыркәшара ашьҭахь, Цандрыԥшь аҳаблаҟны раԥхьаӡакәны аԥсуа школ аартхоит, 600-ҩык ахәыҷқәа аҵара дырҵаразы алшара ҟалоит.

 Цандрыԥшь аҳабла ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Артур Џьопуа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит   ахәыҷбаҳчақәа разымхара шыҟоу азы.

Бадра Гәынба ирабжьигеит Цандрыԥшьтәи ашкол ахыбрақәа руак рҿыцны ахәыҷбаҳчаз алырхырц.

 Араион анапхгара изыхәҭоу анапынҵа рыҭоуп уи анагӡаразы ажәалагалақәа разырхиаразы.