Print this page

Ақыҭанхамҩатә проектқәа рынагӡашьа гәарҭоит

Абҵара 24, 2025 39

2025 шықәса нанҳәамза 27 рзы Аҳәынҭқарра Ахада далахәны Аминистрцәа Реилазаарҿы имҩаԥысыз аилатәараҿы Бадра Гәынба ареспублика аекономика аҿиараҿы ихадоу ахырхарҭақәа ирызку адҵақәа жәпакы ҟаиҵеит.

Аҳәынҭқарра аҿиараҿы астратегиатә ҟазшьа змоу ҳәа иалкааны ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан ақыҭанхамҩеи, атуризми.
Ишдыру еиԥш Аԥсны аекономика ауасхырқәа иреиуоуп арҭ аҩ-хырхарҭак. Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа ақыҭауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәреи, аҿар ақыҭақәа рҿы раанкыларазы аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ирызкуп. Иазгәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара Аԥсны ақыҭанхамҩатә аалыҵ аконкуренциа аизырҳара алнаршоит, атәыла афатә-ажәтә аганахьала ашәарҭадара алыршареи, аекономикаҿы ақыҭанхамҩатә ҟәша иҟанаҵо алагала аизырҳареи иацхраауеит. Сынтәа Аԥсны Ахада идҵала ԥсыхәа ахьынӡамаз ала ишьҭыхын ақыҭанхамҩа аусхк иазоужьыз аԥара, 150 миллион мааҭ змаз абиуџьет еизырҳан 250 миллион мааҭ рҟынӡа.
Ақырҭуа- аԥсуа еибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ақыҭанхамҩа аҿиара еиуеиԥшым аетапқәа ирхысит , иҟан еиҳа ианхьысҳаз, иҟан еиҳа аҩаӡара анышьҭыҵыз, аха иарбан аамҭазаалакгьы ақыҭанхамҩа аминистрра иалшоз зегьы ҟанаҵон анхацәа адгылара рыҭаразы. Ҳәарада, иуадаҩыз аамҭақәагьы маҷмызт. Акырынтә анхацәа рҽаҩра бжьнаххьан ицәырҵыз ахәаҷа-маҷагьы, мамзаргьы аԥсабаратә цәырҵрақәа–ақәаршыҩқәа, аԥшасрақәа, аарҩара. Иахьагьы иуадаҩуп аҳәара ақыҭанхамҩа зеиӷьыҟам ала иҿиеит, ашьапы иқәгылеит ҳәа. Макьана аҟаҵатә даараӡа ирацәоуп, аха уаанӡеиԥш иахьагьы ари аусхк агәцаракра арҭоит. Еилыркаауеит Аԥсны аекономика ҵаргәа ӷәӷәаны иаҵагылоу атуризми ақыҭанхамҩеи ацхыраара ду шырҭаху. Ақыҭанхамҩа аҿиара ҩ-хәҭакны иушозар, ганкахьала хықәкылатәи аминистрра иазыԥҵәоу абиуџьет аԥарала аҿиара, егьи аганала уахәаԥшуазар, еиуеиԥшым аинвестициатә лагалақәа рыла аҿиара.
Ақыҭаҿы инхо, адгьыл иқәаарыхуа зегьы шамахамзар ирымоуп имаҷны рхы иадырхәо, мамзаргьы зынӡа рхы иадмырхәо адгьыл еиужьқәа. Ақыҭанхамҩа аминистрра иадҵаало ацхыраара иақәдыргәыӷәуеит, иагьрыцхраауеит.Ашәырҵлақәа еиҭаҳаны абаҳча аԥҵара инаркны аԥсаатә рааӡара аҿынӡа зымҽхак ҭбаау апроект аус ауеит ақыҭанхамҩа аминистрраҿы. Араҟа иалкааны иҳәатәуп апроектқәа рынагӡашьеи, иҟаҵаз ацхыраара иаиуз алҵшәеи хаҭала хылаԥшра шаиҭо ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Мышқәак раԥхьа аминистр дзыԥхьагылаз агәыԥ ҳтәыла араионқәа ирҭааит, анхацәа рыпроектқәа рынагӡашьа гәарҭеит. Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа инаҩсгьы агәаҭарақәа дрылахәын Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан.

Аусутә ныҟәара хацыркын Кындыӷ ақыҭаҿы аус зуа аԥсаатәааӡарҭа ала. Араҟа ирааӡоит хә-нызқь цыра инарзынаԥшуа акәытқәа. Урҭ зладырчо афатәгьы зхаҭабзиара ҳараку ахкқәа иреиуоуп. Избанзар, аԥсаатә ирфо ажьы агьама анырра ӷәӷәа анаҭоит. Араҟа иазгәаҭатәуп, Кындыӷ ишеиҿкаау аԥсаатәааӡарҭақәа ҩба. Аха, макьаназы аус зуа акоуп. Аҩбатәи аҟны жәохә-нызқь кәты рааӡаразы алшарақәа аԥҵоуп. Аха араҟа аҟаҵатә ыҟоуп, ахыбра ажәхьеит аҟынтә ақәа кылсуеит, иара убасгьы амыругақәа уажәшьҭа иԥсахтәуп. Аԥшәмацәа ирҳәоит акәтааӡара абизнес аганахь ашәарҭарақәа маҷымкәа измоу акәны ишыҟоу. Избанзар, аԥсаатә ачымазарақәа ианыхҭаркуа ыҟоуп. Насгьы, аҭыԥ рымоуп аҭира иадҳәалоу ауадаҩрақәагьы. Раалыҵ аазхәо издыруа, ирыдҵаало рацәаҩым, абизнес апроект ахашәала аанагозар ауп, мамзар иаԥсоума иадубало аџьабаа ҳәа азҵаара ықәдыргылоит дара. Иахьазы, ирыцқьоу кьылак акәты хышәи ҩынҩажәеи жәаба мааҭ иркуеит. Ишеибгоу анаҩсгьы хәҭа-хәҭала еиҿыхынгьы ирҭиуеит. «Аԥсуа кәты» захьӡу абренд уажәшьҭа ирдыруеит. Ари аиҿкаараҿы аус руеит имаҷҩымкәа ауаа, урҭ зегьы Кындыӷ инхо роуп.
Ақыҭанхамҩа аминистрра арҭ амшқәа рзы, ашара иаҿуп ашәыр еиҭаҳатәқәа. Уи зегь алыршоуп ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Жәеиза нызқь шьапы амандарин рзыршоит арзаҳал заа иаазышьҭхьаз хынҩажәаҩык анхаҩцәа.
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи, ақыҭанхамҩа аусхк аҿиашьа хылаԥшра азҭо Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани ргәаҭаратә усура иацҵо иаҭааит Тҟәарчал араион Мухур ақыҭан игылоу акакани арасеи аус рыдызуло ацех. Ҩажәибжьба миллион мааҭ зықәхарџьу ари анаплакы ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтәи адгылареи ахылаԥшреи амоуп. Араса змоу анхаҩы изы ари анаплакы феидоуп. Анаплакаҿы ирыдыркылоит араса, уи ааргоит анхаҩцәа, ахә ахаҭабзиара иахьԥшуп. Ацех мышкы иалагӡаны жәаба-жохә тонна араса аус аднаулоит. Сынтәатәи аҽаҩра уамак иҽеиӡам рҳәоит аусдкылаҩцәа.
Ақыҭанхамҩа аминистрра ахаҭарнакцәа иара убасгьы иаҭааит Кохора ақыҭа иахьаҵанакуа уажә ааигәа еиҭарҳаз амандарина аплантациақәа. Араҟа еиҭаҳауп Окицу захьӡу жәа-нызқь шьапы амандаринхкы. Ари ахкы Аԥсны азы иҿыцу акоуп. Аиҭаҳара иалагеит нанҳәамзазы. Адгьыл анымаалар ҳәа ишәон, избанзар, уи аҩыза аԥышәа аӡәгьы имаӡамызт ҳтәылаҿы. Иара егьырҭ амандарин хкқәа излареиԥшым ыҟоуп, аҽаҩра аҿыхра жәабран мза аҟынӡа инаӡоит. Аҭыԥан убасгьы еиҭаҳауп аҵәа, аҳа, ашьхарыжь, амандарин, абрикос уҳәа егьырҭ ашәырхкқәа. Кохора ашәыр знаало дгьылҭыԥуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Уи ҳасаб азуны ауп аусдкылаҩ Серхат Қапба иҩызцәеи иареи араҟа ашәырхкқәа рацәаны изеиҭарҳаз. Амандарин анаҩс егьырҭ ацитрустә шәырхкқәагьы ыҟоуп. Уажәы афеихоа аиҭаҳара иаҿуп. Арҟа аус руеит аҭыԥантәи анхацәа. Акызаҵәык аусдкылаҩцәа ирзымхо атехника ауп. Аха, уигьы ӡбахоит ҳәа иақәгәыӷуеит.
Агәаҭарақәа ирыцҵо Беслан Џьопуеи Вазардат Миносиани Гал араионҿы иҟоу, «Иаграртәу Аԥсны» захьӡу аилахәыра иаҭааит. Аҭыԥан ирымоуп адгьыл аус адызуло атехника. Ари аилахәыраҿы адгьыл ацәаӷәареи, арашәареи, арӷаз алдареи, алаҵареи алзыршо атехника ала еиқәшәоуп. Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иҳәеит «Иаграртәу Аԥсны» ахыбра ацхыраара шаҭахәу, ақыҭанхамҩа аминистрра ирылшо ала адгылара шыҟарҵо.
Ақыҭанхамҩа аминистрра им­ҩаԥнаго агәаҭаратә усурақәа ир­ыцҵахоит, урҭ мҩаԥыслоит ашықәс нҵәаанӡа, ирҭаараны иҟоуп атәыла араионқәа зегьы.

Елана Лашәриа